АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Цәыббра.2022

АԤСНЫ ЖӘЛАР РКОНГРЕСС АНАГӠАРАТӘ КОМИТЕТ АԤСНЫ АУС ЗУА АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҾКААРАҚӘЕИ АПОЛИТИКАТӘ ПАРТИАҚӘЕИ ЗЕГЬЫ РАХЬ ААԤХЬАРА ҞАНАҴЕИТ.

Аҟәа.  Цәыббрамза 28, 2022. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз Аԥсны жәлар Рконгресс аилатәара аҿы Аԥсны иҟоу ауаажәларратә еиҿкаарақәеи аполитикатә партиақәеи зегьы рахь ааԥхьара рыдыркылеит. Уи атекст иаҳәоит:

«Аԥсны жәлар Рконгрес (АЖәР) ҳтәыла аҩныҵҟа имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа рзы агәҭынчымра аанарԥшуеит.

Ҳара Аԥсны ажәлар иалырхыз аҿиара амҩа, уи адемократиатә хәдуқәа иахьадгыло ҳаҭыр ақәаҳҵоит, еилаҳкаауеит уи адемократиатә мчра ашьақәгылара азы ишхымԥадатәиу ауаажәларратә еиқәшаҳаҭра.  

Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аԥышәа излаҳнарбо ала, агәаанагарақәа рыхкырацәара ҳауаажәларра рыла есымша хьаҳә-хьачарада инагӡахон. Атәылауааи аполитикатә мчрақәеи ихьыԥшымкәа, ԥымкрада ахатәы гәаанагара аарԥшра азы ирымоу азин нанагӡон.

Ҳара ҳастратегиатә партниор, ҳшәарҭадара жәларбжьаратәи агарантс иҳамоу –Урыстәылатәи Афедерациа  Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи иқәынхо аҭынч уааԥсыра рыхьчара иазкны жәабранмза 24, 2022 шықәса рзы иалагеит, иахьа уажәраанӡагы имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда.  Цәыббрамза 21, 2022 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Владимир-иԥа  Путин Урыстәыла Арбџьармчқәа рыҟны ихарҭәаам амобилизациа рылеиҳәеит.

Иазгәаҭатәуп Урыстәыла амобилизациа уажәраанӡагьы ишрылаҳәахоз, уи  1914, 1941 шш. рзы акәын. Уи Актәи Адунеизегьтәи аибашьреи Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡеи раан ауп ианымҩаԥгаз. Арҭ ахҭысқәа аполитикатәии аеконоикатәии ақәыӷәӷәара инамаданы, жәларбжьаратәи аусқәа рҭагылазаашьа шьаҭанкыла иаԥсахуеит, ахәҭакахьала, ҳажәлар рҭынч ԥсҭазаара акыр ашәарҭара иҭанаргылоит.

Иҟоу аҭагылазаашьа арџьаџьацәареи, ашәаӡыӡара аларҵәареи гәҭакыс иҟамҵаӡакәа, милаҭрацәала еилоу Аԥсны ажәлар ҳара зегьы ҳшәарҭадара азҵаарақәа ӷәӷәала ахшыҩзышьҭра арҭар ахәҭоуп ҳәа  иазгәаҳҭарц ҳҭахуп.

Қырҭтәыла аполитикатә мчрақәа ирӡаӡом ҳтәыла ареванштә мпыҵахалара азы агәхҭакқәа шрымоу. Жәларбжьаратәи ҳдипломатиа аҽазышәарақәа маҷымкәа ишыҟанаҵахьоугьы, амчра ахархәара мап ацәкра азы ҳабжьара Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩрада иаанханы иҟоуп.  

Ари аҩыза иуадаҩу аамҭа азы Аԥсны жәлар Рконгресс  анагӡаратә Комитет ҳтәыла аҿы аус зуа ауаажәларратәи аполитиатәи амқәа зегьы акзаареи аидгылареи аадырԥшырц азы ааԥхьара аҟаҵара уалны иадуп. Акзаара ауп мчыс иҳамоу!

Аԥсны жәлар Рконгресс аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵоит:

  1. Аҳәынҭқарратә суверенитет ахьчара азы Урыстәылатәи Афедерациа инанагӡо ауснагӡатәқәа адгылара аҭара.
  2. Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгара аамҭа иалагӡаны амассатә политикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара мап ацәкра.

Ҳара зегьы Ԥсадгьылк ауп иҳамоу! Ҳажәлар еидызкыло лахьынҵак ауп!

Шәааи ҳаидгылап иахьа, ари иуадаҩу аамҭа азы  иҳахьчап ԥхьаҟатәи ҳаԥеиԥш бзиеи, Аԥсны хра злоу аҿиареи ҳаизҳазыӷьареи рзы иҳамоу азини!  


Read 490 times - Аԥшьаша, 29 Цәыббра 2022 17:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.