АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Цәыббра.2022

АСЛАН БЖЬАНИА: «ҲАРА АРЕСПУБЛИКА БЕЛОРУС АХАДА ИААРА АГӘЫӶРА ДУҚӘА АДАҲҲӘАЛОИТ».

Аҟәа.  Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ареспублика Беларус Ахадеи иареи реиԥыларазы ахҳәаа  ҟаиҵеит.

Ихыркәшоуп Пицунда аҳәынҭқарратә дачаҟны имҩаԥысуаз  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Беларус Ахада Александр Лукашенкои реиԥылара.

«Ареспублика Беларус Ахада Александр Лукашенко Ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқаррахь раԥхьатәи иаароуп. Ари авизит акыр агәыӷрақәа адаҳҳәалоит. Агәра згоит ари аиԥылара иабзоураны ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа иццакны аҿиара ишалаго. Ҳара ҳрылацәажәеит аекономикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа жәпакы. Сгәы иаанагоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Беларус Ареспубликеи иахьа ишьақәгыло реизыҟазаашьақәа аҿиара бзиа роуеит ҳәа", - иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Беларус Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарра  Ахьыԥшымра азхаҵара азҵаара ахҳәаа азуа, Аҳәынҭқарра Ахада  иҳәеит: "Беларус Ареспублика Ахада  Аԥсныҟа иаара афакт иаҳәо рацәоуп - ҳазҭагылоу аамҭазы ҳаизыҟазаашьақәа аҟазшьа ҿыцқәа аархәоит, ҳаимадарақәа еиҳа ирццакны аҿиара иалагоит. Агәыӷра сымоуп шьаҿа-шьаҿа уи ҳшазнеиуа. Ари азҵаара аҭак саԥыҩлар сҭахым, аха ари аҩн ду раԥхьатәи ақьырмыт азышьҭаҵоуп. Ари аҩыза афакт аҭыԥ амоуп. Аиԥылара бзианы имҩаԥысит».

Иахьа ахәылбыҽха Ареспублика Беларус Ахада Алеқсандр Лукашенко ивизит хыркәшаны,  дхынҳәит.

 

 


Read 393 times - Аԥшьаша, 29 Цәыббра 2022 15:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.