АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Цәыббра.2022

АСЛАН БЖЬАНИЕИ АЛЕҚСАНДР ЛУКАШЕНКОИ РЕИԤЫЛАРА ИМҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Беларус Ареспублика Ахада Александр Лукашенкои реиԥылара

Аиԥылара мҩаԥысит Пицунда аҳәынҭқарратә дача аҟны.

Ареспублика Беларус Ахада аԥсшәа иаҳәо, Аслан Бжьаниа иҳәеит: «Бзиала уаабеит, Александр Григори-иԥа! Шәара Аԥсны есқьынгьы иззыԥшу ҳасасцәа шәыруаӡәкуп».

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада игәаларшәаны иҳәеит 1996 шықәса ажьырныҳәамзазы ИАР алахәцәа - аҳәынҭқаррақәа рхадацәа Рхеилак аҟны Алеқсандр Лукашенко Аԥсны аибашьрашьҭахьтәи аекономикатә блокада даҿагыланы дшықәгылаз.

«Аԥсны аҟәыҭхара, аекономикатә блокада аҭакразы азыӡба иашаӡам шәҳәеит. Аԥсны ари атәы рдыруеит, ҳаҭыргьы ақәырҵоит. Ҳара ауаатәҩсатә еизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоуп. Шәаара гәахәара дула иҳадаҳкылеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Ареспублика Беларус Ахада Аԥсныҟа иаара ҩ-жәларык реизыҟазаашьа аҿиара ишацхраауа. «Ҳаизыҟазаашьақәа, хымԥада, асоветтә аамҭазы ишыҟаз еиԥш ишьақәҳаргылоит. Бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны!"

Алеқсандр Лукашенко иҭабуп рхиҳәааит Аԥсны Ахада иажәа ԥхақәа.

«Агәхьаагара есқьынгьы иҳамазаауеит. Акыр ҵуеит уи аахыс, 25-27 шықәса схыҵуазар ҟаларын усҟан, иԥшьоу ари адгьыл аҟны саахьан. Ҳәара аҭахума, сара усҟан Аҳәынҭқарра сахагыламызт, иуҳәар ауазар, баша уаҩык, Апарламент адепутат иаҳасабала.

Иацы, Аԥсны апроблемақәа ҳрылацәажәон ҳашьеиҳаб Владимир Владимир-иԥа Путини сареи. Акыраамҭа, аҵх иааҳамнахаанӡа арҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәон, лкаак ҳагьазааит, Аԥсны ҳазкажьӡом. Иацхраалатәуп ишәҭыкакаҷуа ари атәыла, уи иқәынхо ауааԥсыра аԥсҭазаара бзиа рымазарц азы», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Лукашенко. 

Ареспублика Беларус Ахада иажәақәа рыла, Аԥсныҟа иаара ҭагылазаашьа ҷыдак иадҳәаланы иҟаӡам. 

«Ҳара ҳаҟны аҭагалызаашьа цәгьаӡам. Агеополитика ҳаргәамҵуа ҳаҟаӡам. Ҳаргьы шәара шәеиԥш, ҭынч анхара, анҵыра зҭаху жәларуп, ҳәоуеиқәшәарала ҳаҟазар ҳҭахуп. Аекономика атәы ҳҳәозар, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа ҳаизыҟазаашьақәа уасхырс ироуроуп. Даҽакала ҟалашьа амаӡам», - ҳәа иазгәеиҭеит Алеқсандр Лукашенко.

Ареспублика Беларус Ахада Аслан Бжьаниа идигалеит аԥхьаҟа реизыҟазаашьақәа шышьақәыргылатәу, урҭ рырӷәӷәаразы иҟаҵатәу уҳәа иалацәажәарц.

  «Сара аԥышәа ду змоу уаҩуп, аполитикаҟны сыҟоуижьҭеи шьҭа акыр шықәса ҵуеит. Ҳаицәажәап, аԥхьаҟа ҳаԥсҭазаара аиҿкаашьа ҳазхәыцып. Ара ихадароу, ажәлар ирықәнагоу аԥсҭазаара рымазароуп, избан акәзар ари иԥшьоу дгьылуп, иқәынхо ауаагьы уаа цқьақәоуп. Уи сара исгәалашәоит асоветтә аамҭазы ара саныҟаз инаркны. Убри аҟнытә аиҩызара ацҳақәа ҳабжьаҵара мацара адагьы, аҵак ду змоу аизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵар ҳҭахуп», - ҳәа иаҵшьны иҳәеит Алеқсандр Лукашенко. Уи иазгәеиҭеит Беларуси Урыстәылеи еизҵааны, еиқәшаҳаҭрала ргәаанагарақәа шышьақәдыргыло. 

«Урыстәыла иахьа ажәҩахыр аҭара иазхиоуп. Аамҭа ааизар ҟалап. Иахьа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа, иаҳбартә иҟалеит адунеи зеиԥшрахаз. Ҭынч анхара ҳарҭараны иҟаӡам. Убри аҟнытә аиҩызара ҳзызуа рыҟны ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ҳалагароуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дақәшаҳаҭхеит адунеи аҟны аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу. «Ҳара ицо ахҭысқәа азҿлымҳара ду раҳҭоит. Аԥсны иқәынхо дарбанзаалак ари игәы арҭынчуам. Шәара ижәдыруазар ҟалап, ҳтәылауаа иахьа Донбасс ишеибашьуа. Рыцҳарас иҟалаз, иҭахазгьы ыҟоуп», - ҳәа иҳәеит иҳәеит Аслан Бжьаниа. 

Анаҩс, Аҳәынҭқаррақәа Рхадацәа реиԥылара мҩаԥысит хазы, ашәқәа раркрала.

 


Read 433 times - Аԥшьаша, 29 Цәыббра 2022 13:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.