АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Хәажәкыр.2025

101-ҩык аԥснытәи ашколхәыҷқәа Артекҟа амҩа иқәлеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, 101-ҩык аԥснытәи ашколхәыҷқәа Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр «Артек» ахь амҩа иқәлеит.  

Ас еиԥш хыԥхьаӡара рацәала Аԥснынтәи ахәыҷқәа Артекҟа рцара алыршахеит Аԥсни Урыстәылеи рҵара Аминистррақәа хра злоу русеицуреи аԥснытәи ашколхәыҷқәа рзы аквотақәа хынтә ацҵареи иабзоураны.

Артекҟа ацара хымчыбжь рышьҭахь зыԥсадгьыл ахь ихынҳәраны иҟоу алахәылацәа қәыԥшцәа ирхамышҭуа ацәаныррақәа рызцәырнагараны иҟоуп. Аԥснытәи алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп амаҭәартәи аспорттәи олимпиадақәа, аконкурсқәа, аицлабрақәа рҿы зҽалызкааз, ауаажәларратә активистцәа. 

Очамчыратәи ашкол-интернат аҿы аҵара зҵо Наала Ҷкадуа ари аныҟәара аҟынтәи дыззыԥшу атәы еиҭалҳәеит:

«Ари аныҟәара сара сгәы хыҭ-хыҭуа сазыԥшуп. Сара даара ирацәаны Артек иазкны саԥхьахьеит. Сақәгәыӷуеит сара уаҟа даара исгәаԥхап ҳәа, аҩызцәа ҿыцқәа сырҳап ҳәа, ирацәаны адырра ҿыцқәа соуп ҳәа».

Артек  Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы, Ҟрым, Гурзуф ҳәа изышьҭоу аҳаблаҿы иҟоуп. Сынтәа Артек иазгәанаҭоит 100-шықәса ахыҵра. Алагерь аартын рашәарамза 16, 1925 шықәса рзы, уи раԥхьа амшьамбақьалақәа ԥшьба рыла акәын ишышьақәгылаз. Актәи аиҭак ахь иааит Москва, Иваново-Вознесенск, Ҟрым ақалақьқәа рҟынтәи  80-ҩык апионерцәа.

Иахьа алагерь аусура ахырхарҭа хаданы иҟоуп аԥсшьареи азҩыдатәреи рнаҩсаинновациатә аҵарадырратә усура.  

 

 


Read 645 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.