АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Хәажәкыр.2025

Аԥсадгьыл аҿаԥхьа аҭоуба ашьҭаҵара: Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура ҿыц арра инанагаз аруаа арратә ҭоуба шьҭарҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза  9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҵбыратә гәыԥ аспециалистцәа разыҟаҵара ацентр ахь ҿыц арра инанагаз аруаа рырратә ҭоуба ашьҭаҵара иадҳәалаз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Асолдаҭцәа Рыԥсадгьыл аҿаԥхьа аҭоуба ашьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аштаб аиҳабы Алхас Жьиба.

Ҿыц арра инанагаз аруаа аԥсышәала арратә ҭоуба шьҭарҵеит. Ари ацеремониа рхы аладырхәит ҿыц арра инанагаз аруаа ркомандаҟаҵаҩцәа, рҭаацәа, рыуацәеи рҭынхацәеи, иара убас рҩызцәа.

Арратә ҭоуба шьҭазҵаз ҿыц арра инанагаз аруаа рахь ихы рханы Алхас Жьиба арратә ҭоуба ашьҭҵара амш – дарбанызаалак ахаҵа иԥсҭазаара аҿы акырӡа зҵазкуа мшуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иара ҿыц арра инанагаз аруаа рҭаацәеи ркомандҟаҵаҩцәеи иҭабуп ҳәа раҳәо, урҭ рырратә уалԥшьа ишахәҭоу ала ҭакԥхықәрала ишынарыгӡо, фырхаҵарыла рыԥсадгьыли рыуаажәлари рхьаԥшымреи рхақәиҭреи рыхьчара шрырдыршо азы агәыӷра шимоу азгәеиҭеит.

Арратә уалԥшьа аҟаҵра ашьҭахь аруаа ирымоу ацәаҳәақәгыларатә ҽазыҟаҵара аадырԥшит, ркомандаҟаҵаҩ идҵақәа нарыгӡеит.  

 

 


Read 1020 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.