Атәыла агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба Владимир Делба урыстәылатәи аҳақьымцәа мҽхакы ҭбаала имҩаԥырго ахәыҷқәа рдиспансеризациа атәы изеиҭеиҳәеит.
Адиспансеризация мҩаԥысуеит жәабранмза 12 инаркны. Амедицинатә бригадақәа ԥшьба аус руеит Аҟәа ақалақьи Аҟәа, Гәдоуҭа, Очамчыра аараионқәа рҿы. Иахьатәи амш азы игәарҭахьеит 4163 - ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.
«Ахәышәтәра зҭаху ахәыҷқәа рыхәҭак аҳаирпланла урыстәылатәи амедицинатә усбарҭақәа рахь идәықәҵахеит. Иназыцҵоу агәаҭара зҭаху ахәыҷқәа Урыстәыла афедералтә медицинатә центрқәа рахь идәықәҵахоит. Ас еиԥш иприцинденттәу акциа Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит. Москва ақалақь ахәыҷқәа ргәабзиара азы Анаукатә Центр аҟынтәи, иара убас ақалақьқәа Саратов, Воронеж, Ареспублика Адыгеа рҟынтәи хықәкылатәи аспециалистцәа Аԥсны иҟазаауеит лаҵарамза нҵәаанӡа. Иазԥхьагәаҭоуп 25 нызықьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара», – ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.