АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2022

АРТУР КЬЫРКЬЫНАӠЕ ИҬААЦӘА АСОЦИАЛТӘ ШӘАТӘҚӘА РЗЫԤҴӘАХОИТ.

Аҟәа.  Цәыббрамза 27, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара хатәгәаԥхарауаҩ, Донбасс иҷыдоу арратә операциа аан иҭахаз Кьыркьынаӡе Артур Беслан-иԥа иҭаацәа рзы зныктәи асоциалтә шәатәы шьақәнаргылеит.  Артур Кьыркьынаӡе иҭаацәа ирызшәахоит 1 млн. мааҭ.  

Уи азы ақәҵара рыдыркылеит цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.

Аусшәҟәқәа рыдгалара мҩаԥигеит асоциалтә бгаԥса аминистр Руслан Аџьба.

Иара убас, аминистрцәа Реилазаара Артур Кьыркьынаӡе иҭаацәа асоциалтә дгылара рыҭара иазкны иназыцҵоу ақәҵара рыдыркылеит.

Иҭахаз хатәгәаԥхарауаҩ иҭаацәа ахәыҷқәа зегьы рыцыԥхьаӡа есымза ирызшәалахоит жәаба-жәаба нызықь мааҭ.

«Аҭаацәа рҟынтәи аӡәы ицынхо ахәыҷқәа жәаа шықәса рхыҵаанӡа, иара убас ицынхо ахәыҷқәа абжьаратә иҷыдоу, мамзаргьы иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ҽынлатәи аҟәшақәа рҿы аҵара зҵо 23 шықәса рхыҵаанӡа рыцыԥхьаӡа рзы асоциалтә шәатәқәа шьақәыргылазааит», - ҳәа иазгәаҭоуп ақәҵара атекст аҟны.

 


Read 393 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 19:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.