АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХАДА: «ҲАРА ЗХЫ ИАМЕИГӠАКӘА АИААИРА ЗЫРААИГӘАЗ ҲАИБАШЬЦӘА РФЫРХАҴАРА ҲХАШҬРАНЫ ҲАҞАӠАМ».

Аҟәа.  Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ақалақь  ауааԥсыреи уи асасцәеи аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра Амш  29 - шықәса ахыҵра инамаданы дрыдныҳәалеит.

«29 шықәса раԥхьа 407 мшы ирҭагӡаны аӷа инапаҵаҟа иҟаз Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра алыршахеит.

Ҳара зегьы – Аҟәа ауааԥсыра рыдагьы Аԥсны атәылауаа зегьы рзы акрызҵазкуа ари амш ааигәхаара доусы иҳалшоз ала ҳҽазаҳшәон. 

Цәыббрамза 27 – Аԥсынтәыла агәеисырҭа Аҟәа ахы ианақәиҭтәыз амш аҽны Аԥсны гәыла-ԥсыла ахы иақәиҭхеит.

Аҟәа ахақәиҭтәразы аиҿагылара ӷәӷәақәа мҩаԥысуан инеиԥынкыланы 12 мшы. Мҩадуцыԥхьаӡа, ҩныцыԥхьаӡа, абжьаларҭақәа, ахыбрақәа, уҳәа, шьаҿа-шьаҿала аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭхон.  Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирылшеит 12-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоз аӷа хәымга ирхәҭақәа шьҭахьҟа рынаскьагара. Аҵыхәтәаны, цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы ҳаҳҭнықалақь агәаҿы игылаз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәара аҟны.

Аҟәа ахақәиҭразы ажәыларатә операциа напхгара арҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Сулҭан Сосналиеви Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Сергеи Дбари.

«Ҳара зхы иамеигӡакәа аиааира зырааигоз ҳаибашьцәа ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам. Урҭ ҳара ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҩызцәа, ашкол аҿы аҵара ҳацызҵоз, ҳгәылацәа роуп. Ргәалашәара наунагӡоуп.

Ҳара иаҳхамышҭыроуп Аиааира агара иахҭынҵо, хықәкы заҵәык ауп иҳамазарц ахәҭоу – уи ҳтәыла аизҳазыӷьара ауп.

Ари амш Аԥсны иқәынхо зегь ҳзы крызҵазкуа мшуп. Аҟәа аӷа даламкәа аҭарцәра иаанагоз Аԥсны аӷа далцоуп акәын! Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа! Иаанхаз хымш рыла аӷа дыԥхаҵан шьҭахьҟа.

Нагӡара ақәзааит Ихьыԥшым Аҟәа! Нагӡара ақәзааит ихьыԥшым Аԥсны! Аиааира Амш шәадныҳәалаз!» - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.


Read 521 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 16:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.