АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Цәыббра.2022

УААНӠА ЗГАНАХЬАЛА АШЬАУСԤШААРА ХАЦЫРКЫЗ ҬЕМЫР ЧИЧБА ДААНКЫЛОУП.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза   21, 2022 шықәсазы ироуз аоперативтә информациа ала Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рубарҭа ашьаусԥшаара аусзуҩцәа уаанӡа  зганахьала ашьаусԥшаара хацыркыз Чичба Ҭемыр Дианбеи-иԥа даанкыланы аамҭалатәи  Аԥхьакырҭа ахь днаган. Аԥсны апрокуратура Хада асаит  аҟны иҟоу адыррақәа рыла, Гәдоуҭа араион Апрокуратура  имҩаԥнаго аусеилыргара ала Чичба Ҭемыр Дианбеи-иԥа Аԥсны Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ   99, ахәҭа  1 иарбоу ацәгьоура аҿы дыгәҩароуп.

Абҵарамза 23, 2019 шықәса рзы, ашарԥазы, асааҭ ԥшьба инаркны фба рҟынӡа, Чичба Ҭ.Д., аҩны дшыҟаз (ақ.. Гәдоуҭа, Зыхәба имҩа, аҩны №22) имаз ашәарыцага шәақь ала уаанӡа иҟалахьаз аҭаацәаратә конфликт иахҟьаны  Котуа Т.Г. ихәда инақәыршәаны дхысит, уи иахҟьаны изеихсыз иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.

Ԥхынҷкәынмза 30, 2019 шықәса рзы  Чичба Т.Д.  иганахьала ашьаусԥшаара хацыркын.

Хара имгакәа заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа ала Чичба Т.Д. ихьырхәра аганахьала аҭакра изалхра азы Гәдоуҭа араионтә ӡбарҭа ахь аҳәара нашьҭхоит.


Read 418 times - Ашәахьа, 26 Цәыббра 2022 16:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.