АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Цәыббра.2022

АПАРЛАМЕНТ АҾЫ АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АНАПХГАРАҬАРА ИРԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа ирԥылеит. Аиԥылара рхы аладырхәит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Ҵәыџьбеи Нодар Аҩӡбеи, иара убас Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада аиҿкаара-мобилизациатә усбарҭа анапхгаҩы Едуард Бондарь, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.

Аиԥылара аартуа, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иахьатәи аиԥылара амҩаԥгара адепутатцәа атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара ахь ирымоу азҵаарақәа жәпакы аҭак аиура инамаданы ихымԥадатәиин ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара иахьатәи ҳаиԥылара аҿы иҟоу апроблемақәа ҳрылацәажар ҳҭахын. Уи ҳгәыла –ҳастратегиатә партниор иҿы ишьақәгыло аҭагылазаашьа, иара убас мрагыларатәи ҳгәылацәа рҿы имҩаԥысуа апроцессқәеи ирыдҳәалоуп.  Арҭ апроцессқәа ҳауаажәларра агәҭынчымра рызцәырнагоит, ҳара урҭ иахьатәи ҳаиԥылараҿы ҳалацәажәар ҳҭахын», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Атәылахьчара Аминистрра анапхгара ахаҭарнакцәа  рахь ихы рханы, Лаша Ашәба иара убас адепутаттә корпус, азакәанԥҵаратә мчра ахаҭарнакцәа раҳасабала иалкаау ахыдҵақәа рыӡбараҿы ацхыраара аҭара иазхиоуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

Адепутатцәа рҿаԥхьа иқәгылауа, атәылахьчара Аминистрра анапхгаҩцәа аҳәынҭқарра атәылахьчареи ашәарҭадареи рышьақәыргылара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа азы инарҭбаау аинформациа ҟарҵеит. 

Адепутатцәа раԥшьгарала иҩаԥысыз аиԥылара аҿы адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа аибырххара аныҟоу аамҭазы ареспублика ашәарҭадара алыршара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.


Read 410 times - Ашәахьа, 26 Цәыббра 2022 16:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.