АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Лаҵара.2022

АԤСНЫ АФЫМЦАЦӘАҲӘАҚӘА РЫҚӘЫӶӘӶӘАРА ҨАԤХЬА ИАЦЛОИТ.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аенергетикатә система  аҿы изаамҭанытәиу аҭагылазаашьа  иазкын Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ареспубликатә

унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгараҭара алахәылацәеи уи арегионалтә ҿгақәа рнапхгаҩцәеи алархәны ахәаша, лаҵарамза 20 рзы имҩаԥигаз аусуратә еилатәара. 

Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара иалахәыз афымцацәаҳәақәа рықәыӷәӷәара ҩаԥхьа  ӷәӷәала иацлоит, ус аринахысгьы иҟалар, ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы афымцалашарала аиқәыршәара аганахьала апроблемақәа ҟалар алшоит ҳәа иазгәарҭеит. 

Аԥхынтәи аамҭахәҭа азы афымцалашара ахархәара ахьацло инамаданы ауадаҩрақәа цәырҵыр алшоит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган акризистә ҭагылазаашьа аԥхьырҟәҟәаара азы афымцамч аекономиа азы зыԥшра ҟамҵаӡакәа ауснагӡатәқәа рыдкылара хымԥадатәиуп.

Афымцамч ахархәара азы ашәатәқәа реизгара ахьмаҷууи уи азы еизаз ауалқәеи ари аусхкы аҿы аҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит.


Read 1004 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.