АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Лаҵара.2022

АСЛАН БЖЬАНИА УА АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТР С.К. ШОИГУ ИИРАМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистр Сергеи Кужугет-иԥа  Шоигу иира Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Кужугет-иҧа!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш.

Иарбан маҵзуразаалак аҟны Шәара еиҳа иуадаҩу, зымҽхак ҭбаау аҳасабтәқәа қәҿиарала рынагӡашьа шәақәшәоит. Набыцра змам шәусура ииашаны аҳаҭыр ду иаԥсахеит. Атәылахьчара Аминистрра хадара азуа, Шәара  Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыҿиара ауси, атәылахьчара арӷәӷәареи рыҟны шәлагаламҭа дууп.

Аҭагылазаашьа схы иархәаны, иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп хаҭала аҳәынҭқаррабжьаратә усеицзураҿы аҵак ду аанызкыло Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрреи реимадара арҿиараҟны шәлагалазы.

Ҳаҭыр зқәу Сергеи Кужугет-иҧа, абри аныҳәамш азы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, Урыстәылатәи Афедерациеи ажәлари реизҳазыӷьара иазку аус аҟны аиааира ҿыцқәа».

 


Read 3942 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.