Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба «Аҟәа ақалақь, Наӡаӡе лымҩа, 2-тәи абжьаларҭа ала игылоу аҩны №3 аҿы инхо ауаа даҽаџьара рыиагара азы» Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Ас еиԥш аӡбамҭа адкылара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «ИнжКомплекс» 2021 шықәсазы имҩаԥнагаз аҩны аинструменталтә гәаҭара азы атехникатә ҳасабырбеи, рашәарамза 11, 2024 шықәсазы имҩаԥгаз аиланхарҭаҩны агәаҭара акти инақәыршәаны, иара убас ауадақәа зтәу аԥшәмацәа акомпенсциақәа рызшәара ҳасаб азуны иҟалеит.
Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент жьҭаарамза 1, 2024 шықәсанӡа Наӡаӡе лымҩала игылоу анхаразы ишәарҭоу аҩны аҿы инхо ауааԥсыра даҽаџьара рыиагара алыршара азы адҵа аиуит.
Иарбоу Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра идҵоуп ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.
Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба ашықәс алагамҭазы Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭахьан Аҟәа ақалақь, Наӡаӡе лымҩала игылоу анхаразы ишәарҭоу аҩны аҿы инхо ауааԥсыра акомпенсациа аҳасабала 2023 шықәсазы ишрызшәаз 284,6 млн. мааҭ.
«Акомиссиа аус ауан, аҩны аҿы инхо ауааԥсыра ашәатәқәа рызшәан. Аԥаратә хархәагақәа Аҟәа ақалақь Ахадара абиуџьет ахь идәықәҵахон, анаҩс доусы иахьырзыманшәалоу акоммерциатә банкқәа рҿы ахаҿытә ԥхьаӡаратә ԥхьаӡарақәа раартрала ауааԥсыра рҟынӡа инагахон. 108 –ҩык ауадақәа рыԥшәмацәа аԥарақәа роуит», - ҳәа иҳәеит Владимир Делба.