АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Цәыббра.2022

ИХЫРКӘШОУП АСЛАН БЖЬАНИА АҨАДА КАВКАЗ АРЕСПУБЛИКАҚӘА РАХЬ ИУСУРАТӘ НЫҞӘАРА.

Аҟәа.  Цәыббрамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 6 инаркны 9-нӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылаз аделегациа Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликаҟны иҟан.

Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аиԥыларақәа жәпакы, ҷыдала, ҞЧА Ахада Рашид Темрезов, Ҟарачы-Черқьесиа хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, иҭахаз ранацәа рԥылара. Иара убас аҳәынҭқарра Ахада ҞЧА 100 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын.

Цәыббрамза 9 инаркны 10-нӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика даҭан. Аԥсни Ҟабарда Балкариеи р-Хадацәа авидеоеимадарала аиԥылара мҩаԥыргеит К.Коков ичымазара иахҟьаны.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас Ҟабарда хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа дырԥылеит, рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Аԥснытәи аделегациа Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика раҭаара иара убас Ареспублика 100 шықәса ахыҵра иақәыршәаны имҩаԥысит.

Цәыббрамза 10 инаркны 12-нӡа Аслан Бжьаниа иусуратә ныҟәара мҩаԥысит Адыгеиа Ареспубликаҟны. Аҳәынҭқарра Ахада напхгара зиҭоз Аԥсны аделегациа иалху Ареспублика Ахада Мурат Кумпилов инапынҵақәа рахь инеира иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын.

Имҩаԥысит иара убас Аҳәынҭқарра Ахадеи 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Ҟабарда хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәеи реиԥылара

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит.

 


Read 485 times - Аҩаша, 13 Цәыббра 2022 16:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.