Атәанчахәқәа рыҭара мҩаԥысуеит Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк аҟәшеиҵақәа зегьы рҿы. Уи атәанчаҩы ашәҟәы дахьҭаҩу, мамзаргьы дахьынхо аҭыӡҭыԥи иадҳәалаӡам.
АԤСНЫ АҴӘАХЫРҬАТӘ БАНК ЦӘЫББРАМЗА, 2022 ШЫҚӘСАЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АТӘАНЧАХӘҚӘА РЫҬАРА АГРАФИК ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк цәыббрамза, 2022 шықәсазы Аԥсны иқәынхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу ауааԥсыра урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аграфик шьақәнарӷәӷәеит.
Ианииз ашықәс инамаданы атәанчаҩцәа ф-гәыԥкны еихшоуп. Атәанчахәқәа рызшәара иалагоит цәыббрамза 16 инаркны.
Цәыббрамза 16, 19, 20 рзы атәанчахәқәа рызшәахоит 1-тәи агәыԥ (1940 шықәсанӡа ииз) иаҵанакуа атәанчаҩцәа, иара убас 2-тәи агәыԥ (1941-1947шш.рзы ииз) иаҵанакуа атәанчаҩцәа;
Цәыббрамза 21, 22 ,23 рзы – 3-тәи агәыԥ (1948-1950 шш. рзы ииз), иара убас 4-тәи агәыԥ (1951-1953 шш. рзы ииз) иаҵанакуа атәанчаҩцәа;
Цәыббрамза 26, 27, 28 рзы – 5 -тәи агәыԥ (1954 - 1956 шш. рзы ииз) иаҵанакуа атәанчаҩцәа;
Цәыббрамза 29 инаркны цәыббрамзазы атәанчахәы роур алшоит 6-тәи агәыԥ (1957шш. рзы ииз) иаҵанакуа атәанчаҩцәа зегьы.