АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Рашәара.2024

Одиссеи Бигәаа Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Одиссеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.Абри азы адыррақәа ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.   

 Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп:

 

«Аҳәынҭқарратә суверинитет азы Адекларациа рыдыркылазар аахыс Урыстәылатәи Афедерациа аихьӡара дуқәа аанарԥшхьеит. Иахьа Урыстәыла зқьышықәсалатәи аҭоурых змоу хыԥхьаӡара рацәала ажәларқәа, акультурақәа, адинхаҵарақәа еидызкыло, аҭынчра иазықәԥо тәыла дуӡӡоуп.

Хыԥхьаӡара рацәала еилоу Урыстәыла ажәларқәа ракзаара - Аԥсадгьыл амчра аиқәырхареи аихаҳареи, хәы змаӡам аҵасқәа рыхьчареи ирзырхоуп.

Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит аиҩызареи аилибакаареи шьаҭас измоу Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реидгылара. Агәра згоит аԥхьаҟагьы аҿиара шроуа наҟ-ааҟ феида змоу аусеицуратә ҟазшьала имҩаԥысуа арҭ аизыҟазаашьақәа».

 


Read 213 times - Аԥшьаша, 13 Рашәара 2024 20:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.