АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Лаҵара.2024

Аԥснытәи ааҩык абитуриентцәа Урыстәыла Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрофилтә ҵараиурҭақәа ирҭалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҿы ихыркәшахеит аԥышәараҭаратә аамҭахәҭа. Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрофильтә ҵараиурҭақәа рахь адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥысит. Ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи абитуриентцәа Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрофильтә ҵааиурҭақәа – Аҳәынҭқарратә  абылрацәыхьчаратә маҵзура Академиеи Атәылауаҩратә хьчара Академиеи  ркурсантцәас аҟаларазы агәыӷра рыманы адкыларатә ԥышәарақәа рҭиуан. Иара убас аԥышәарақәа рҭиуан Иарославтәи аҳәынҭқарратә медицинатә Университет аҭаларазы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Доусы иалырхыз аспециализациа инамаданы абитуриентцәа химиа, биологиа, физика, маматематика, уҳәа амаҭәарқәа рыла ирымоу адыррақәа рыҩаӡара аадырԥшуан.  Иҭало абитуриентцәа зегьы ирзеиԥшу адисциплинақәас иҟан аурыс бызшәеи абҩарҵәыратә зыҟаҵареи. Апретендентцәа зегьы иара убас апсихологиатә тестқәа иахысит.  

Аԥсны Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иҟанаҵаз аҳәарала, адкыларатә ԥышәарақәа рыдыркылон Аԥсны аҵара Аминистрра аҟынтәи иаашьҭыз арҵаҩцәа.

Аԥышәарақәа реихшьаалақәа рыла ԥшьҩык абитуриентцәа Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Аҳәынҭқарратә  абылрацәыхьчаратә маҵзура Академиа акурсантцәас иҟалеит, ҩыџьа абитуриентцәа – Атәылауаҩратә хьчара Академиа иҭалеит, даҽа ҩыџьа  Иарославтәи аҳәынҭқарратә медицинатә Институт иҭалеит.

Абитуриентцәеи урҭ рҭаацәеи дырԥыло Аԥсны Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа зегьы қәҿиарала аԥышәарақәа ахьырҭииз рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьаишьеит ԥхьаҟатәи рҵара аҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи аманшәалареи, убри аан уи апрофессионалтә кадрқәа разыҟаҵара Аԥсны Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҿы зышьаҭала атәыла аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа аҟәшеиҵақәа шьақәгыло аусура ихадоу ахырхарҭақәа ишреиуоу азгәеиҭеит. 

 


Read 129 times - Аԥшьаша, 16 Лаҵара 2024 02:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.