Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 8 рзы Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Владимир Аршба иԥсы ҭазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан.
«Аԥсны ажәлар рзы, Арбџьармчқәа рыруаа рзы ари агәалашәаратә рыцхәуп. Ҳара ҳаҭырла даҳгәалаҳаршәоит Аԥсны аҵеи иаша, иналукааша аҳәынҭқарратәи арратәи аусзуҩ, ар раԥхьагыла, аррадҵаҟаҵаҩ, алегендартә командаҟаҵаҩ Владимир Аршба. Уи иррамаҵзуратә мҩа, аибашьрашьҭахьтәи иусура – иԥсадгьыли иуаажәлари рахь имаз абзиабареи апатриотизм иашеи дырҵабыргуеит.
Аинрал-леитенант, аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии усзуҩ, Леон Иорден занашьоу, Аԥсуа ар аԥҵаҩцәа ируаӡәкыз Владимир Гьаргь-иԥа Аршба ихьӡ наунагӡа иҿыцӡоу Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит», – ҳәа иаҳәоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.
Атәылахьчара Аминистрра анапхгара, Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа атәылахьчара актәи аминистр, Аԥсны Афырхаҵа иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы игылоу Владимир Гьаргь-иԥа ибиуст амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит. Иара убас В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы имҩаԥысуеит Владимир Аршба игәалашәара иазку афотоцәыргақәҵеи агәалашәаратә хәылԥази.
Владимир Гьаргь-иԥа Аршба диит лаҵарамза 8, 1959 шықәса рзы Қарҭ ақалақь аруаҩ иҭаацәараҿы. 1976 шықәсазы далгеит Қарҭтәи абжьаратәи ашкол №81.
1980 шықәсазы далгеит 26-ҩык Бақәатәи акомиссарцәа рыхьӡ зху Қарҭтәи Иреиҳаӡоу артиллериатә акомандаҟаҵаратә Абираҟҟаԥшьтә ҵараиурҭа, «леитенант» ҳәа ахьӡ иманы.
Убри инаркны Аԥсадгьыл ахьчара иара иԥсҭазаара ахықәкы хаданы иҟалоит.
1980 -1981шш. Владимир Аршба Германиа, асоветтә архәҭақәа Ргәыԥ аҿы, артиллериатә радиолокациатә комплекс «Рысь» аиҳабыс дыҟан. Абҵарамза, 1981 шықәса инаркны жьҭаарамза 1, 1983 шықәсанӡа Афганисҭан аинтернационалтә уалԥшьа наигӡон, уаҟа уи 108-тәи амотохысратә дивизиа 1074-тәи артиллериатә полк абжьытәии арадиолокациатәи аԥшыхәра абатареиа аҿы арратә маҵзура дахысуан. Аоптикатә ԥшыхәра авзвод акомандаҟаҵаҩыс дыҟан, анаҩс абжьытәии арадиолокациатәи аԥшыхәра авзвод акомандаҟаҵаҩыс дыҟан. 40-тәи архәҭа 108-тәи амотохысратә дивизиа аилазаараҿы арратә операциақәа ааба ихы алаирхәхьан. Далахәын 1982 шықәсазы имҩаԥгаз Ԥанџьшертәи арратә операциа, ҩынтә ахәрақәа иоухьан.
Иоуз ахәрақәа рышьҭахь Владимир Аршба Кавказнҭыҵтәи арратә округ ахь дыиасуеит. Араҟа иара 152 мм. иҟоу агаубицақәа рбатареиа акомандаҟаҵаҩыс дҟалоит. Анаҩс ирратә маҵзура иациҵоит. Иара дыҟан аракетатә архәҭақәеи артиллериеи рыштаб артиллериатә ԥшыхәреи анапхгараҭареи рбатареиа акомандаҟаҵаҩыс, ареактивтә батареиа акомандаҟаҵаҩыс, артиллериатә дивизион аштаб анапхгаҩыс, аамҭак ала Идџьеван ақалақь арратә комендант ихаҭыԥуаҩысгьы дыҟан.
Ермантәыла арратә маҵзура данахысуаз, иара Спитактәи адгьылҵысра бааԥсы ахҟьаԥҟьақәа рықәгара далахәын.
Владимир Гьаргь-иԥа Аршба иналукааша арратә ԥызак, стратегк, ҳтәыла ахьчаҩцәа реидкылара, профессионалла разыҟаҵара зылшоз командирк иаҳасабала, дцәырҵит иаҳа Аԥсны данаҭахыз, уи амчхара анырӷәӷәатәыз аамҭазы.
Ҳҳәынҭқарра ҭоурыхла иамаз ахьыԥшымра Абираҟ шьҭыхны, Аԥсны жәлар Рфорум «Аидгылара» ихацнаркхьаз жәлары зегь рықәҧара иацызҵаз, иҳаразкыз ҳнапхгаҩ ҕьеҩ, ҳаԥхьагылаҩ ду Владислав Арӡынба 80- тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы иҽазикит усҟан зыда ҧсыхәа ыҟамыз аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк аиҿкаара. Ишыжәдыруа еиҧш, уи аҭоурых аҿы иаанхеит хьӡи-ԥшеи згым «Аԥсуа гвардиа» ҳәа.
Асеиԥш иҟоу амчратә структура ыҟамызҭгьы Аԥсны ашьапы ианықәгылоз аамҭазы, акыр иуадаҩхон Аԥсны Раԥхьатәи Апарламент иаднакылоз азакәанқәеи ақәҵарақәеи рыхьчара. Имариахомызт усҟантәи аамҭазы ҳтәыла азинқәа рыҿаҟәара иашьҭаз, ҳреспублика ашьапы иқәызҟьоз ақырҭуа национал-шовинистцәа рполитика-бааԥсы аҿагылара. Убри аҟнытә аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк аӷа иҟар хызҽуаз кәалӡык иаҩызахеит ҳаҧсадгьыл азы, ҳажәлар рзы.
Амилаҭтә интересқәеи Аԥсны ашәарҭадареи рыхьчараҿы зҵакы ӷәӷәаз арратә еиҿкаарақәа реидкылараҿы ароль ду назыгӡоз, Владислав Арӡынба иарӷьажәҩаны ивагылаз арратә напхгаҩцәа ракәны ицәырҵуеит 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Владимир Аршба, Сергеи Дбар, Гиви Агрба, Мушьни Хәарҵкьиа, насгьы иахьа Аҧсны атәылахьчара аминистрра напхгара азҭо Мираб Қьышьмариа уҳәа гәыԥҩык аибашьцәа нагақәа, архәҭақәа рнапхгаҩцәа.
Лаҵарамза, 1989 шықәса рзы Владимир Гьаргь-иԥа арратә маҵзура ахысразы Аԥсныҟа дыиасуеит.
1991 шықәсазы иара Ҭҟәарчал ақалақь арратә комиссарс дҟаҵан.
1991 шықәса анҵәамҭа инаркны иалагеит Хазы игоу аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк аиҿкаара. Владимир Гьаргь-иԥа Аршба уи аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз дреиуоуп.
Ажьырныҳәамза, 1992 шықәса рзы Владимир Аршба – аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк аҩбатәи Хазы игоу абаталион акомандаҟаҵаҩыс дҟалоит.
Хәажәкырамза, 1992 шықәса рзы абаталион Егрытәи амҩаду иаԥну ацҳа аҟынтәи амшынынӡа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы игылеит. Усҟан аҩныҵҟатәи архәҭақәа хазы игоу аполк абаталион ахатәы еилазаара иаадырԥшыз активреи агәаӷьреи ирыбзоураны, Қырҭтәыла анапхгара 1992 шықәса, мшаԥымза алагамҭазы Аԥсны ампыҵахаларазы иамаз агәҭакқәа рыԥхьырҟәҟәаара алыршахеит.
Аҩныҵҟатәи архәҭақәа Хазы игоу аполк ашьақәыргылара хыркәшаӡамызт, нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Аԥсны ианақәла. Иалагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра.
Убри аамҭазы Владимир Гьаргь-иԥа арратә иреиҳаӡоу арратә ҵарадыра змаз апрофессионал иаҳасабала аԥышәа ду иоухьан.
Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны иара Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахьчара, иҷыдоу ахықәкызаара змоу хазы игоу абаталион ашьақәыргылара инапы алакын.
Ақырҭуа агрессорцәа Аԥсны ианақәла раԥхьатәи амшқәа инадыркны, Агәыӡератәи абаталион аиҳабыс иҟаз Владимир Аршба тәамҩахә ҟамҵа, напы аиркуеит Аҟәа ақалақь ахыхьчаратә позициақәа рырӷәӷәара.
Нанҳәамза 16 рзы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Владислав Арӡынба инапынҵала, Владимир Аршба 500-500-ҩык рыла ишьақәгылаз абаталионқәа хԥа реиҿкаара далагеит. Ашьҭахь Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа ахьчара аиҿкааразы Ҭҟәарчал ақалақь ахь дыиасуеит.
Хара имгакәа, цәыббрамза, 1992 шықәса рзы Атәылахьчара Аҳәынҭкарратә Хеилак Ахада Владислав Арӡынба иқәҵарала, имаз апрофессионалтә ԥышәа ҳасаб азуны, Владимир Аршба дҟарҵоит Аԥсны Ар Рыдҵаҟаҵаҩыс, ашьҭахь - 1992 шықәса жьҭаара 11 инаркны Аԥсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа неигӡон. Сулҭан Сосналиеви Сергеи Дбари реиԥш иҟаз Ар рԥызацәеи иареи атәылахьчара Аминистрра аусбарҭа аус адыруылон, аӷа Аԥсны импыҵакра алмыршара азы мҽхакы ҭбаала аусура нарыгӡон. Урҭ Аԥсны ахақәиҭтәра Гагра араион ахырхарҭала алагара азы ажәалагала ҟарҵеит. Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет иарбоу аплан шьақәнарӷәӷәоит, қәҿиаралагьы уи нанагӡоит.
Ареспублика Аԥсны атәылахьчареи аҳәынҭқарратә шәарҭадареи реиқәыршәара азы Аԥсны Иреиҳаӡоу Апрезидиум аҿы атәылахьчара Аминистрреи Арбџьармчқәа Рыштаб Хадеи раԥҵара азы аӡбамҭа рыдыркылоит. Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара азҵаара аӡбара мҩаԥысуан иуадаҩыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҿы, уи ҿыц ишьақәгылоз Ареспублика Анапхгара азы акыр иуадаҩыз, аҭакԥхықәра ду зцыз ӡбамҭаны иҟалеит.
Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы, Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба, Владимир Аршба ипрофессионалтә ҟазшьақәа ахә ҳаракны ишьаны, жьҭаарамза 11, 1992 шықәсазы, Иреиҳаӡоу Апрезидиум Ақәҵарала аполковник Аршба Владимир Гьаргь-иԥа Ареспублика Аԥсны атәылахьчара аминистр инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаиҵоит. Иара ҭакԥхықәраны идлоит Аԥсуа Ар аԥҵара.
Абҵарамза, 1992 шықәса рзы – Владимир Гьаргь-иԥа ӷәӷәала дырхәит. Мшаԥымза, 1993 шықәсазы Владимир Аршба игәамбзиара иахҟьаны Аԥсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Иара Арратә зҵаарақәа рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы иабжьагаҩыс дҟаҵан, аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны Арратә комиссарс дҟаҵан.
Владимир Аршба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Аԥсны Арбџьармчқәа реиҿкаара-штаттә структура ашьақәгылара аҿы акыр злагала ду алоу аррадҵаҟаҵаҩцәа дреиуоуп.
Иара Аԥсуа Ар ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз дреиуоуп, Гагратәи ажәыларатә операциа аԥшьгаҩыси анапхгаҩыси дыҟан, 1-тәи Шроматәи, Ианартәи, Марттәи, иара убас 1993 шықәсазы имҩаԥгаз цәыббрамзатәи ажәыларатә операциақәа зегьы дрылахәын.
Имариамыз, аибашьрашьҭахьтәи аамҭа азы Владимир Гьаргь-иԥа Аԥсны Арбџьармчқәа рышьақәгылареи рырӷәӷәареи иадҳәалаз аус активла ихы алаирхәуан. Усҟан архәҭақәа рырратә лшара арӷәӷәареи рматериал-техникатә база аиӷьтәреи ахатәы еилазаара рырратә ҟазара аҩаӡара ашьҭыхреи рзы имаҷымкәа иҟаҵан.
Абҵарамза, 1993 шықәса инаркны 1996 шықәсанӡа – Владимир Гьаргь-иԥа Аршба Ареспублика арратә комиссарс дыҟан.
1996 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа – Ареспублика Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада анапхгаҩыс аус иуан, Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Аибашьра ашьҭахь аинрал-леитенант Владимир Гьаргь-иԥа истратегиатә ҟыбаҩ, иеиҿкааратә ҟазшьа еилыхха иааԥшит Аԥсны Ар Рыштаб хада аиҳабыс, Атәылахьчара Аминистр актәи ихаҭыԥуаҩс аус аниуаз аамҭақәа рзы.
Иазгәаҭатәуп иара убас, Владимир Аршба Лаҵарамза, 1998 шықәсазы Гал араион аҿы еиҿкааз атеррористҿагыларатә операциеи жьҭаарамза, 2001 шықәсазы Кәыдрытәи аҩхаа аҿы имҩаԥгаз аоперациеи аиҿкааҩцәеи анапхгаҩцәеи дшыруаӡәкыз. Аԥсны аҵакыра иахьаҵанакуа аҟынтәи адиверсиатә гәыԥқәеи абандатә еиҿкаарақәеи рықәцара азы қәҿиарала еиҿкааз Маитәи аоперациа азы Владимир Аршба «аинрал-леитенант» ҳәа арратә хьӡы ианашьахеит.
1991-2004 шықәсқәа рзы – Владимир Аршба еиуеиԥшым аракомандаҟаҵаратә маҵзурақәа рҿы Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы аус иуан.
Нанҳәамза-цәыббрамза, 2004 шықәсазы Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рымҩаԥгара аамҭахәҭа азы, Ареспублика Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩыс икандидатура ақәыргылара инамаданы, Владимир Гьаргь-иԥа атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ – Ареспублика Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аиҳабы имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәхоит.
Иазгәаҭатәуп, иара убас, аибашьрашьҭахьтәи апериод азы Владимир Аршба аҭынчра ашьақәыргылареи ҳажәлар реизҳазыӷьареи алыршара иазкыз аҳәынҭқарра атәылахьчаралшара арӷәӷәара азы активла аус шиуаз.
Нанҳәамза, 2008 шықәсазы, Кәыдрытәи аҩхаа Аҩадатәи ахәҭа ахақәиҭтәра азы аоперациа амҩаԥгараан, ирратә дыррақәеи иҟазареи рхархәара ахымԥадатәра еилкааны, аинрал-леитенант Владимир Гьаргь-иԥа Аршба арратә зҵаарақәа рзы Ареспублика Аԥсны Ахада иабжьгаҩыс дҟаҵан.
Амиграциа аусхкы аҿы аҳәынҭқарратә политика анагӡара ҭакԥхықәраны изыдҵахо анагӡаратә усбарҭа аԥҵара шхымԥадатәиу еилкааны, Владимир Гьаргь-иԥа Аршба Аҳәынҭқарратә Миграциатә Маҵзура аԥҵара аус аҿы активла ихы алаирхәуеит. Уи раԥхьатәи анапхгаҩысгьы дҟалоит.
2016 шықәса инаркны Владимир Гьаргь-иԥа Аршба Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәылас, Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата ашәарҭадара азы акомиссиа ахантәаҩыс дыҟан.
Ажьырныҳәамза 16, 2018 шықәса рзы Владимир Гьаргь-иԥа Аршба иаамҭамкәа иԥсҭазаара дшалҵыз азы ажәабжь хьанҭа гәык-ԥсыкала дыззыказ иуаажәлар иаарылыҩҩит.
Афырхаҵара злахьынҵаз ауаҩы, ззанааҭдырра акыр иҳаракыз афицар иаша, зажәеи зуси еимадаз, агәцаракра злаз, згәы ҳалалыз ауаҩы аамсҭашәа Владимир Гьаргь-иԥа Аршба 2018 шықәсазы, 59 шықәса заҵәык дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.
Владимир Гьаргь-иԥа Аршба ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала Асовет Еидгыла, Урыстәылатәи Афедерациа, Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Ареспублика Аԥсны Арбџьармчқәа қәҿиарала рнапхгараҭара азы Леон Иорден ианашьоуп. Ԥсрашьҭахь «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ихҵан.
Владимир Гьаргь-иԥа иҳаракыз ипрофессионалтә ҟазшьақәа, уи активра злаз иԥсҭазааратә позициа аӡәырҩы афицарцәа рзы иҿырԥшыганы иҟалоит.
Ҳара иаҳуалԥшьоуп Владимир Аршба иеиԥш иҟоу аибашьцәа, акомандирцәа хьӡырҳәагақәа, арратә абиҧара ҿыц рааӡаҩцәа наунагӡа рыхьӡ акамыршәра, рнысымҩа ҿырҧшыгак еиҧш аӡыргара. Уи дыҟан, дагьаанхоит Аҧсны аҳәынҭқарра ахьыҧшымразы, уи атәылахьчаратә лшара аизырҳаразы зхы иамеигӡоз, профессионалк иаҳасабала здырреи, зҧышәеи раарҧшышьа иақәшәоз арратә ҧхьагылаҩны, аибашьцәа еиҿамсқәа мҩақәызҵоз, урҭ ирыхӡыӡаауаз, иҧшьоу Аиааира хацәынмырха азықәҧараҿы хьаҵрак ҟазымҵоз Аҧсны дапатриот дуны. Ҳхырхәоит аԥсуа аинрал-нага, Аԥсны Афырхаҵа игәалашәара лаша аҿаԥхьа!
Прочитано 59 раз. Последнее изменение 08.05.2024.
Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/11210-8-maya-geroyu-abkhazii-general-lejtenantu-vladimiru-georgievichu-arshba-ispolnilos-by-65-let.
© АПСНЫПРЕСС.