Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит. Аиԥылара абарҭ атемақәа ирызкын:
– Аԥсны аекономикатә ҿиара апрограммеи уи абиуџьеттәии абанктәии апотенциал ала анагӡаразы ихымԥадатәиу аресурсқәа рыла аиқәаршәареи;
– 2021 шықәсазы Афедералтә казначеира ала 2019 – 2020 шш., 2021 шықәса актәи азыбжеи ирылагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара азы афинанстә цхыраара аҳасабала иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа рхархәара ахықәкызаара азы имҩаԥгаз агәаҭараан иаарԥшыз аилагарақәа рырҽеира иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аплан анагӡара;
– абиуџьеттә усхкы аҿы аус зуа аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аинвентаризациа амҩаԥгареи абиуџьеттә каҭа ахыԥхьаӡаратә шьақәгылашьа аопимизациа азы «амҩақәҵаратә хсаалага» шьаҿа-шьаҿалатәи аиқәыршәара аҽазыҟаҵара; – 2022 шықәсазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә программа» анагӡара.