Абарҭ амшқәа рзы адунеи зегьы анемец фашизм ахыбгалара аназгәанаҭо, ҳара иаабоит Урыстәыла Шәара шәнапхгарала ииааӡааз хырхарҭак змоу адунеи амодель ишаҿагылаз, аиашареи азинеиҟарареи рыпринципқәа шьаҭас измоу адунеиеиҿкаара ишазықәԥо, ажәларқәа рхатәҳәаақәҵареи рсуверенитети рзы рзинқәа рыхьчаразы ишгылаз.
Иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи уи ажәлари рыԥсҭазаараҟны аамҭа ҿыц ахы акит. Шәара аҭышәынтәалареи аҿиареи ирышәҭо адгылара ҳажәлар ахә ҳаракны иршьоит, уи зырҵабыргуа ак акәны иҟоуп Аԥсны алхыҩцәа еицҿакны Шәара шәкандидатура иарҭаз адгылара.
Аслан Бжьаниа Владимир Путин изеиӷьаишьеит агәабзиара, ачҳара, аихьӡаа ҿыцқәа.
«Шәнапы злашәкуа аус иарбанзаалак Урыстәылеи адунеи зегьи реизҳазыӷьара иазҳәазааит», - ҳәа иаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.