Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 14 рзы Аԥсны иазгәарҭоит агәалашәареи алахьеиқәҵареи рымш. 30 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы иалагеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра.
Нанҳәамза 14, асааҭ 16:00 рзы С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы инагӡахоит акомпозитор Нодар Ҷанба иаԥиҵаз «Ареквием», ҳәа адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апресс-маҵзура. «Ареквием» иалалеит аԥсуа поетесса Гәында Сақаниа лажәеинраалақәа.
Арҿиамҭа Урыстәыла-кавказтәи аибашьра иахҟьаны зыԥсадгьыл ааныжьны имцар ада ԥсыхәа змауз аԥсуаа рҭоурых ианылаз атрагедиатә даҟьақәа ирызкуп. Иара убри аамҭазы, Ареквием аҿы иҟам агәыӷрадара. Уимоу, уи Аԥсадгьыл-ан ааԥхьарала аԥсуаа рабацәеи рабдуцәеи рыдгьыл ахь ишыхынҳәуа азы агәыӷра аныԥшуеит.