Мери Ҳашба Асовет Еидгыла акомпозиторцәа Реидгылара алахәыла (1971ш.), Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-акорреспондент (2008 ш.), Д.И.Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аетнологиа аҟәша анаукатә усзуҩ нага.
Мери Ҳашба аԥсуаа рмузыкатә фольклори рмузыкатә культура аҭоурхи рзы амонографиақәа хԥеи 60 инареиҳаны анаукатә статиақәеи дравторуп.
Мери Мушьни-иԥҳа лырҵаҩра-ҭҵаарадырратә усура азкын амузыкатә фольклор, амузыкаҭҵаара аҭоурых, аԥсуаа рмузыкатә культура аҭоурых аҭҵаара.
Мери Ҳашба Асоветеидгылатәи жәларбжьаратәи аконференциақәа жәпакы дрылахәын. Лара 1967 шықәсазы Ленинград ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Асовет Еидгыла акомпозиторцәа Рыпленум, 1979 шықәсазы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз VI Асоветеидгылазегьтәи акомпозиторцәа Реизара Ду, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуаз антропологиатәи аетнографиатәи рыҭҵаарақәа рзы Асоветеидгылазегьтәи анаукатә сессиа, Ереван ақалақь аҿы имҩаԥысуаз амонодиатә музыка Жәларбжьаратәи аконференциа, «Амилаҭтә культура ҳаамҭазтәи адунеи аҿы– афольклор, алитература» («Национальная культура в современном мире – фольклор, литература») атема ала Аҟәа ақалақь аҿы, 2003 шықәазы имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа, Аҟәа ақалақь аҿы 2006 шықәсазы имҩаԥысуаз «Кавкази аглобализациа ааԥхьарақәеи» («Кавказ и вызовы глобализации») атема ала имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аконференциа, Аҟәа ақалақь аҿы 2007 шықәсазы имҩаԥысуаз I Жәларбжьаратәи Инал-Иԥа ирҿиамҭақәа рыла аԥхьарақәа, 2008 шықәсазы Маиҟәаԥ ақалақь аҿы «Адыгатәии азеиԥштәии афилологиа иадҳәалоу актуалра злоу апроблемақәа» («Актуальные проблемы общей и адыгской филологии») атема ала имҩаԥысуаз VI Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа, уҳәа русура далахәын.
«Мери Мушьни-иԥҳа Ҳашба лыҟамзаара – ицәыӡ дууп аԥсуа аҭҵаарадырреи ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аколлективи рзы. Гәалсра дула ҳрыдшшылоит лыуацәеи лколлегацәеи. Мери Мушьни-иԥҳа лгәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит», - ҳәа иаҳәоит адышшылараҿы.