АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Мшаҧы.2024

В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иазку Тамбовтәи амузеи ацәыргақәҵа аатит.

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иазку Тамбовтәи амузеи ацәыргақәҵа аатит.

2023 шықәса инаркны Аҟәа аиашьаратә қалақьны иҟоу Тамбов ақалақь, Амузеи-цәыргақәҵатә центр аҿы 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иазкыз, «Ҳара аԥсҭазааразы аԥсра ҳазцрн» ҳәа хыс измаз ацәыргақәҵа мҩаԥысит. Уи еиҿкаан Аԥсны акультура Аминистрреи В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи Тамбовтәи атәылаҿацәҭҵааратә музеи рыла.  

Сынтәа Тамбовтәи аобласттә атәылаҿацәҭҵааратә музеи адиректор Андреи  Челикини амузеи аҟәшақәа рнапхгаҩцәа Роман Простатинови Васили Биволи Аҟәаҟа иааргеит  «Аиааира аҟынӡа анаӡара: Виачеслав Гроздов имшынҵақәа раԥхьарала» («Восхождение к победе: читая дневники Вячеслава Гроздова»). ҳәа хыс измоу апланшеттә цәыргақәҵа.  Уи 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа анцоз аамҭазтәи иуникалу адукументалтә ршаҳаҭгақәа – зынӡа иқәыԥшӡаз Виачеслав Гроздов имшынҵақәа  ҳаамҭазтәи аԥхьарақәа роуп.

Ацәыргақәҵа аартуа В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор Мзиа Беиа Тамбовтәи лколлегацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәалҭеит:  

«Иахьа ҳара ҳзы акыр зҵазкуа ахҭыс ҟалеит, еизар зегьы ирыдгалахоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Тамбовтәи аобласть  ауааԥсыра рлагала атәы зҳәо Тамбовтәи аобласттә атәылаҿацәҭҵааратә музеи апланшеттә цәыргақәҵа.  Ари ацәыргақәҵа ишыжәдыруа еиԥш, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш иадҳәалоуп.

 Иазгәоуҭаша, иарбоу ацәыргақәаҵа аҿы иаарԥшуп архиопископ Лука, апрофессор, Тамбовтәи аевокуациа зызуз арратә хәышәтәырҭақәа рҿы ихадоу аԥҟаҩы-абжьгаҩыс иҟаз В. Ф Воино-Иасенецки изку адыррақәа.

Мзиа Беиа  лара напхгара зылҭо амузеи Тамбовтәи аобласттә атәылаҿацәҭҵааратә музеии  ирыбжьоу аимадареи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы еиҿкааз ателецҳаи ртәы далацәажәеит.  

Тамбов ақалақь аҿы ауп раԥхьаӡа акәны Урыстәыла, Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых иазкны, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи ала  еиҿкааз  ацәыргақәҵа  ахьымҩаԥысыз.

Тамбовынтәи иааз асасцәа рахь бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы аиереи Виссарион Аԥлиаа.  

«Абашьра – ари цәгьароуп, уи алмыршара хымԥадатәиуп. Рыцҳарас иҟалаз, анацизм аԥсы ҭоуп иахьагьы. Иахьа ишеилкаахаз ала, анацизм шьаҭанкыла иқәган 1945 шықәсазы ҳәа иҟаз агәаанагара иашаӡам.  Уи иҵаулоу адацқәа амоуп, урҭ «ыҵырҩаатәуп».  Избан ҳара иахьа 1941 – 1945 шш. рзы иҟаз аибашьра азы Идуӡӡоуп ҳәа заҳҳәо? Избан акәзар, усҟан Асовет Еидгыла ажәларқәа зегьы аӡәк еиԥш еидгыланы Рыԥсадгьыл ахьчаразы иҩагылеит, аиааирагьы ргеит, афашизм аҵадырхеит. Убри ауп 1941 – 1945шш.  Аибашьра Дуӡӡа ҳәа ҳзашьҭо.  Анцәа иҳәааит адунеи зегьы аҿы уаҳа иҟамларц анацизм, ауаа бзиа-еибабо, ҳаҭыр-пату еиқәырҵо иҟаларц, аҭынчра шьақәгыларц», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе Аԥсны аҳҭнықалақьи Тамбов ақалақьи ахырхарҭа рацәала аусеицура рыбжьоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ари аҩыза ацәыргақәҵақәа еиҵагыло аҿар рааӡараҿы акырӡа аҵанакуеит. Урҭ ирдыруазароуп ажәлар рфырхаҵара атәы. Аԥсны аҟынтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа афронтқәа рҿы еибашьуан 55 нызықьҩык инареиҳаны. Ҳара есыша ҳаиҳабацәа рфырхаҵара ҳазгәудуны ҳаҟазаауеит, урҭ ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит. Тамбовтәи ҳҩызцәа, иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп  ас еиԥш аинтерес зҵоу ацәыргақәа шәыманы шәахьаҳзааз», – ҳәа иҳәеит Авҭандил Сурманиӡе.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алеқсандр Шеремет  В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи анапхгараҭара иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы аиааира агара азы Тамбовтәи аобласть инанагӡаз ароль атәы зҳәо аекспозициа аиҿкаараҿы иҟанаҵаз ацхыраара азы.  

«Аԥсны асовет жәлар Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иагаз аиааира Дуӡӡа азы агәалашәара гәцаракла ишазнеиуа ала  еицырдыруеит.  Ари афырхаҵаратә мҩа наунагӡа ҳажәларқәа еизааигәанатәит. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа аламҭалазы зегь ишәзеиӷьасшьоит ахирреи аманшәалареи аҭынчреи.  Ҳара иаҳуалԥшьоуп ҳфырхацәа ргәалашәара анаунагӡара!»,  – ҳәа иҳәеит иара.

Урыстәылатәи аидгьылуаа рыхьӡала урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәа Ркоординациатә Еидгыла анапхгаҩы Олег Иурченко Тамбовтәи асасцәа ҳажәларқәа рааигәатәра азы иҟарҵо азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Ари ҳара ҳтәылақәа ирымаз ирзеиԥшыз афундамент ауп. Уи агәалашәара, ҳфырхацәа рзы аинфорациа, ҳара аамҭақәа, абиԥарақәа иргәылганы ҳхәыҷқәеи ҳмоҭацәеи ирызнаҳгароуп.  Уи акыр аҵанакуеит уаҳа ас еиԥш ахҭысқәа ҟамларц азгьы», - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба ацәыргақәҵа аартра иалахәыз зегьы иааиуа Аиааира Амш - Лаҵарамза 9 аныҳәа рыдиныҳәалеит.  «Иахьа абра иаабо угәыҵанӡа имнеир алшом. Сара Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы исыцәҭахеит хҩык саб иашьцәа.  Аԥсны иҟамызт ҭаацәаракгьы усҟан ааха змауз. Саԥхьа ишырҳәахьоу еиԥш, аибашьра аҿы еибашьуан 55 нызықьҩык инареиҳаны Аԥснытәи арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, урҭ реиҳараҩык ҳара зегьы иаҳзеиԥшыз Аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит.  Исҭахуп, излауа ала еиҳаны аҿар ираҳаларц, ирбаларц ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа рфырхаҵара атәы. Зегьы ирзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара», - ҳәа иҳәеит иара.

Адныҳәаларатә ажәахәқәа рышьҭахь Андреи Чиликин еизаз ацәыргақәа аекспонатқәа дирбеит.

Ацәыргақәҵа аартра ацеремониа ахыркәшамҭаз  ашәаҳәаҩцәа Манеи Артур Лакрбеи инарыгӡеит аиашьаратә қалақьқәа Аҟәеи Тамбови рзы ҷыдала иҩыз Ҭемыр Кәакәасқьыри Артур Лакрбеи рашәа.

Мшаԥымза 30, асааҭ 13:00 рзы Андреи Челикин В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы  Тамботәи аобласть амузеиқәа рҭоурыхи, амузеи аҿы аусуразы ихатәы ԥышәеи амузеи аус аҿиара аперспективақәеи ртәы еиҭеиҳәоит.

 

 

 

 

 

 

 


Read 205 times - Аҩаша, 30 Мшаҧы 2024 00:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.