АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2024

2024 шықәсазы Аҟәа араион аҿы ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма анагӡара азы иазоужьхоит 3,5 млн. мааҭ.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 3,5 млн. мааҭ азоужьхоит 2024 шықәсазы Аҟәа араион аҿы ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма анагӡара азы.  Апрограмма  шықәсырацәа изызҳауа абаҳчарақәа реиҭаҳара азԥхьагәанаҭоит.

Актәи аетап аҿы апрограмма алахәылацәа алкаахоит. Араион Ахадараҿы апретендентцәа рҟынтәи азыҳәамҭақәеи аусшәҟәқәеи здызкыло, анаҩс урҭ апрограмма ралагалара, мамзаргьы мап рыцәкра азы аӡбамҭақәа здызкыло акомиссиа аԥҵоуп.

Аҩбатәи аетап аҿы араион абиуџьет аҟынтәи аусмҩаԥгатәқәа рфинансыркра мҩаԥыслоит.

Апрограмма алахәхаразы апретендент, ахәҭакахьала Аҟәа араион, ақыҭараҿы инхо, акомиссиа ишьақәнаргылаз аҽҳәарақәа ирҭагӡаны азыҳәамҭа ҩны араион Ахадара ахь иалеиҵоит. Шықәсырацәа изызҳауа аҵиаақәа реиҭаҳара азы аусшәҟәқәа рашәарамза 31 аҟынӡа  иалаҵатәуп.

Апретендент иааркьаҿны апроект ахҳәааи уи ахарџьынҵеи шықәсырацәа изызҳауа аҵиаақәа ахьеиҭаҳахо адгьыл анализи ацны аусшәҟәқәа акомиссиа ахь инаигар ахәҭоуп.  

Апрограмма ахықәкы хадақәеи ахыдҵақәеи – аҭыԥантәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҩныҵҟатәи аџьармыкьа аҿы аконкурентлшара ашьҭыхра; ақыҭанхамҩа аалыҵ аҭыжьреи аарыхреи рымҽхак арҭбаара; ақыҭауаа усурала реиқәыршәареи ақыҭатә ҵакырақәа рырҿиареи.  

Апрограмма 2024 шықәса иалагӡаны инагӡазароуп.  

Аҟәа араион Ахадара иарбоу апрогамма анагӡара 2021 шықәса раахыс имҩаԥнагоит.


Read 119 times - Аԥшьаша, 25 Мшаҧы 2024 17:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.