Шықәсырацәалатәи шәырҿиаратә мҩеи, есқьынгьы активла иаашәырԥшуа атәылауаҩратә позициеи, ааԥсарада Аԥсны аинтересқәа рыхьчареи ирыбзоураны Шәара ҳуаажәларра рыҩныҵҟа аҳаҭыр ду шәаԥсаны шәҟалеит. 1988 гшықәса раахыс, еиҳа аамҭақәа аныуадаҩыз Шәара патриот иашаны шәызлаҟаз ала, напхгара ашәҭеит Аԥсны Жәлар Рфорум «Аидгылара». Ари аиҿкаара ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭеираҟны аҵак дуӡӡа аман. Шәара ахаангьы иреиӷьу аԥсуа милаҭтә ҵасқәеи ҳажәлар рзинқәеи рыхьчаразы шәгылан.
Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа, аҵак ду змоу абри амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, ақәра ду, арҿиаратә гәазыҳәара, аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа шәырҿиараҿы. Шәаԥҵамҭа ҿыцқәа акыраамҭа ҳажәлар ргәы шьҭырхлааит, адоуҳатә, акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәара иацхраалааит".