Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аҟәатәи ашколқәа рырҵаҩцәа гәыԥҩыки Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Наур Нарманиеи идикылеит. Урҭ аԥыза-министр жәабранмза 8, 2024 шықәсазы Аԥсны аҵара Аминистрра иҭнажьыз Адҵа № 21 инамаданы Аԥсны арҵаҩратә еилазаара, абжьаратәи ашколқәа рырҵаҩцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәагьы уахь иналаҵаны, еицҿакны рзанааҭтә гәаанагара ахьаадырԥшыз аҳәамҭа ирҭеит.
Иарбоу Адҵа ала, аҵара Аминистрра «амаҭәар «Аматематика: алгебреи агеометриеи 9-тәи акласс аҿы», иара убас амаҭәар «Аматематика: алгебреи анализ алагареи, агеометриа 11-тәи акласс аҿы» ала иҩны аԥышәара аҭаразы» Аԥҟара шьақәнарӷәӷәеит. Арҵаҩратә еилазаара аҳәамҭа аҿы урҭ ас еиԥш аӡбамҭа рақәшаҳаҭымра Аминистрра аҟынтәи зҭак рмоуз азҵаарақәа жәпакы ишадҳәалоу арбоуп. Ахәҭакахьала, аматематика арҵаҩцәа, аметодистцәа аҩратә ԥышәарақәа рымҩаԥгареи аҵаҩцәа рыкритери ахәшьара аҭареи аԥҟарақәа ас еиԥш шьҭанкыла аиҭакра ралагалара хықәкыс иамоу азы азҵаара ықәдыргылоит. Аспециалистцәа ргәаанагарала, ас еиԥш иҿыцу алагалақәа ралагалара иаамҭаӡам, избан акәзар, уи ихадоу ашколтә ԥышәарақәа рымҩаԥгара аҟынӡа хымз-заҵәык шыбжьоу имҩаԥысит, урҭ аметодистцәа, дара арҵаҩцәагьы алархәны рылацәажәара мҩаԥгамызт, аесперименталтә ҭҵаарақәа раҳасабала агәаҭарақәа (апробациақәа) мҩаԥгамызт, иҟаҵамызт иарбоу аексперимент аихшьаалақәа.
Арҵаҩцәеи аметодистцәеи ишазгәарҭо ала, аҵара Аминистрра иарбоу Адҵа аҭыжьраан аспециалистцәа изныкымкәа еиуеиԥшым аформатқәа рыла, аҵарадырреи анаукеи абызшәатә политикеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы уахь иналаҵаны, иаадырԥшуаз рзеиԥш позициа иазхьамԥшӡеит.
Аҳәамҭа иарбоу ашьақәырӷәӷәагақәа шьаҭас иҟаҵаны, ареспублика арегионқәа зегьы рхаҭарнакра назыгӡо аматематика арҵаҩцәа, атәыла Анапхгара ахь иарбоу Аминистрра Адҵа аԥыхра алыршаразы аҳәара ҟарҵоит.
Аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб атәыла Анапхгара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҭҵааны, излауа ала хара имгакәа аҭак шыҟанаҵо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.