Шәҩыла ҳинтеллигенциа ахаҭарнакцәа жәашықәсала ари агазеҭ авторцәас иҟан, уи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иазцәырҵуаз ауадаҩрақәа риааира рылдыршеит, ари агазеҭ адаҟьақәа рҟынтәи дара ажәлар рҟынӡа инаргон ргәаанагарақәа, рыхшыҩҵакқәа, аиаша иазықәԥон, Рыԥсадгьыл ахьчара азы рыбжьы дыргон.
Аԥсуа газеҭ «Апсны» аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы шәышықәса рыҩныҵҟа инанагӡоз ароль ахә ашьара уадаҩуп, уи еснагь ҳажәлар ирҿахәҳәаганы иҟан. Иара ҳдоуҳатә акзаара иасимволны иҟалеит. Уи аредакциа аҿы иҿиеит аԥснытәи азанааҭтә жуналистика.
Иазгәаҭатәуп, иахьа амилаҭтә кьыԥхьи, ателехәаԥшреи, арадиои рҿы аԥышәа ду змоу реиԥш ҿыц ззанааҭмҩа ианылаз, еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵанакуа ауаа аус шыруа. Уи даҽазныкгьы абиԥарақәа рышьҭрамадара шьақәнарӷәӷәоит.
Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа зегьы гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзаанаҭтә ныҳәа. Ишәзеиӷьасшьоит иҿыцу азанааҭтә еихьӡарақәа, шәџьабаа еилызкаауа аудиториа, агәабзиара, агәазҭазаара, аманшәалара!»