АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жәабран.2024

Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш аҽны Аҟәа ақалақь аҿы Идырым асодат ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 23 рзы Урыстәыла иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имшныҳәа.  

Иахьа Асовет ар аветеранцәа ирыдныҳәаларц, иара убас Аҟәа ақалақь аҿы игылоу Идырым абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵац азы иааит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы  Дмитри Федотов, Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба, Аԥсны атәылахьчаа Аминистрра, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аиџьынџьуаа  Ркоординациатә еидгылара ахаҭарнакцәа.

Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин еизаз аныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Ҳара ҳаиҳабацәа ари амш Асовет ар Амш ҳәа ауп ишырдыруа. Усҟан ҳара зегьы ҳәынҭқаррак аҿы ҳанхон, ҳабацәеи ҳабдуцәеи Аџьынџьтәылатәи еибашьра афронтқәа рҿы еицеибашьуан.  Ҳаргьы убасҵәҟьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан еибашьуаз зегьы.

Уажәы, Донбасс ицоит иҷыдоу арратә операциа, рыжәҩахыр еибыҭа урыстәылатәи аибашьцәа ирыцеибашьуеит Аԥсны ахаҭарнакцәагьы. Ҳара иҭахаз ҳаҭырла иаҳгәаларшәо зыԥсы ҭоу афырхацәа зегьы ҳрыдныҳәалоит, иаарласны аиааира агара рзеиӷьаҳшьоит», –  ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ  Давид Бжьаниа  аминистр Владимир Ануа ихьӡала адныҳәалара даԥхьеит.

«Иахьа ҳара гәадурала иаҳгәалаҳаршәоит ҳаиҳабацәа знысыз афырхаҵаратә мҩа… Ҳгәалашәараҿы наунагӡа иаанханы иҟоуп аибашьра адәаҿы иҭахаз ҳаибашьцәа рфырхаҵара, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа  ргәымшәара, рхаҵара.

Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Иван-иԥа Ануеи атәылахьчара Аминистрра ахатәы еилазаареи  рыхьӡала  аветеранцәеи, иара убас уажәы зырратә маҵзура назыгӡо аруааи Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш шәыдысныҳәалоит, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, ахирра».

В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор, Аԥсны Афырԥҳәыс Мзиа Беиа убасҵәҟьа еизаз зегьы Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш рыдылныҳәалеит:

«Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш -  ахаҵара, агәымшәара, ахацәнымырхара символра назыгӡо Аԥсадгьыл ахьчара иазхиоу зегьы рныҳәа ауп. Ари афырхаҵара адагьы ҳԥеиԥш лаша зхы ақәызҵаз ргәалашәарагьы иамшуп. Сара сзы насыԥуп Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зегьы шәахь схы рханы ҳшәарҭадареи ҳҭышәынтәалареи рзы шьаҭа ӷәӷәаны иҟоу шәырратә маҵзура, иаашәырԥшуа ахацәнымырхареи афыхаҵареи рзы иахьа иҭабуп ҳәа шәаҳәара. Ари амш ҳара зегьы иаҳгәаланаршәалааит аҭынчреи аидгылареи шхымԥадатәиу. Аныҳәа шәадныҳәалаз, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!       


Read 239 times - Ахәаша, 23 Жәабран 2024 18:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.