Items filtered by date: Ахәаша, 11 Ԥхынгәы 2025
Бадра Гунба и Сергей Кириенко посетили Абхазский многоотраслевой колледж
Сухум. 11 июля 2025. Апсныпресс. Президент Республики Абхазия Бадра Гунба и Первый заместитель Руководителя Администрации Президента РФ Сергей Кириенко посетили Абхазский многоотраслевой колледж в Сухуме.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь иаҭааит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь иаҭааит.
Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои аклассқәеи аҟазарҭақәеи гәарҭеит, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ирацәажәеит.
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынбеи аколлеџь адиректор Џьумбер Мышәбеи аҵараиурҭа ҳаамҭазы инанагӡо аусура атәы иалацәажәеит, астудентцәа разыҟаҵара ихадоу ахырхарҭақәеи аҿиара аперспективақәеи ирзааҭгылеит.
Аҟәа Амилаҭтә сахьатә галереиа официалла иаатит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амилаҭтә сахьатә галереиа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара амҩаԥгара ашьҭахь иаатит.
Агалереиа аартра иадҳәалоу ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Урыстәыла акультура аминистр ицхырааҩ Павел Карташиов.
Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои ацаха ҟаԥшь ԥырҟеит.
Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои Гәдоуҭа ақалақь аҟны зыргылара мҩаԥысуа арыжәтәқәа рзауад «Кристалл» иаҭааит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи УА Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои ЗҲӘА «Гәдоуҭатәи арыжәтәқәа рзауад «Кристалл» аргылара ахьымҩаԥысуа аҭыԥ иахәаԥшны ирбеит.
Сергеи Кириенко Гәдоуҭа ақалақь амшын аԥшаҳәа даҭааит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи УА Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Самара ақалақь ахада Иван Носкови Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба дрыцны Гәдоуҭа ақалақь амшын аԥшаҳәаҿы инеины игәарҭеит.
Агәыӡера аҳаблан Дырмит Гәлиа имемориалтә ӷәы еиҭашьақәдыргылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа ркаҩҩ ду, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа (1874 – 1960) аҵыхәтәантәи ишықәсқәа рзы дахьынхоз Агәыӡера аҳаблан ихатә ҩны ахьгылаз аҭыԥ аҿы ишьақәыргылаз амемориалтә ӷәы еиҭашьақәыргылахеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Д. И. Гәлиа илитература-мемориалтә ҩны-амузеи аҿы.
Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои Џьырхәа ақыҭан Иҷыдоу арратә операциа иалахәыз Феликс Ӷәазаа инышәынҭраҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Иҷыдоу арратә операциааан иҭахаз Феликс Ӷәазаа анышә дахьамадоу Џьырхәа ақыҭан иԥсыжырҭаҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Феликс Ӷәазаа дҭахеит 2024 шықәса, лаҵарамзазы, Донецктәи Жәлартә республикаҟны аибашьратә дҵа анагӡараан.
Владимир Делба Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников иира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников иира Амш идиныҳәалеит.
«Даара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи ҳтәылақәа реидгыларатә еизыҟазаашьақәа рыла ишьаҭарку аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаареи рзы хаҭала Шәара шәлагала.
Владимир Делба поздравил главу Минэкономразвития РФ Максима Решетникова с днем рождения
Сухум. 11 июля 2025. Апсныпресс. Премьер-министр Владимир Делба поздравил министра экономического развития России Максима Решетникова с днем рождения.
Имҩаԥысит Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аҳақьымцәеи реиԥылара.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аԥхынразы Аԥсны аусуразы иааны иҟоу урыстәылатәи аҳақьымцәеи еиԥылеит.
Аиԥылара иара убас далахәын АА Агәабзиарахьчара аминистр Быҭәба Едуард.