Items filtered by date: Ахәаша, 07 Хәажәкыр 2025

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, атәыла атранспорти афымцамчи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанбеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсны Аихамҩа» адиректор Хада Арсоу Ҷыҭанааи  алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аиԥылара иалахәыз акурорттә аамҭахәҭа алагара инамаданы Аԥснытәи Аихамҩа аусура аиӷьтәра алыршареи лаҵарамза  1, 2025 шықәса инаркны афымцадәыӷба «Ласточка» Шәачантәи Аҟәаҟа аушьҭреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.   

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Қырҭтәыла аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәаларазы уажәы аку уашьҭан аку, аха уеизгьы Аԥсны азханаҵароуп, ишакәхалакгьы ҳгәылацәа реалла иҟоу аҭагылазаашьа рыдыркылар акәхоит». Абас ТАСС аинтервиу аҭо   иҳәеит ҿыц Аԥсны Ахадас иалырхыз Бадра Гәынба

«Қырҭтәыла акәзар, ҳәарада аԥсуа-қырҭуатә еизыҟазаашьақәа рыӡбаразы ихымԥадатәны иҟоу Қырҭтәыла Аԥсны азхаҵареи, иара убас амч ахархәара мап ацәкра азы азакәантә усшәҟәқәа рнапаҵыҩреи ашьҭахь мацара ауп ианзалыршахо. Ҳара еилаҳкаар ахәҭоуп, Қырҭтәыла аиашазы ас еиԥш ашьаҿақәа рыҟаҵара ишазхиоу. Иахьа аума уаҵәы аума ҳгәылацәа реалла иҟоу аҭагылазаашьа рыдыркылар акәхоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Адаҟьа 2 - 2
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.