АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Лаҵара.2024

Аҟәа ақалақь ирласу амедицинатә цхыраара автопарк иҿыцу ҩ-машьынак рыла ихарҭәаахеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳҭнықалақь аҿы иҟоу иралсу амедицинатә цхыраара астанциа азы иҿыцу ҩ-машьынак аархәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.   

«Ирласу амедицинатә цхыраара астанциа автопарк ахәҭак ахьажәыз инамаданы, Аҟәа ақалақь Ахадара анапхгара ирласу амедицинатә цхыраара автомашьынақәа ҩба раахәаразы аӡбамҭа аднакылеит. Мышқәак рышьҭахь автомашьынақәа иахәҭоу ашәҟәҭагалара мҩаԥганы ацәаҳәа ахь ицәырҵуеит. Аҟәа ақалақь ауааԥсыра агәабзиара рзеиӷьаҳшьоит», - ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба.

Аҟәатәи ирласу амедицинатә цхыраара астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа, иҿыцу амашьынақәа ртехникатә ҟазшьарбагақәа рыла астанциа автопарк аҿы иҟоу егырҭ амашьынақәа акыр иреиҩсуеит ҳәа еиҭеиҳәеит.   

«Ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәа амашьыналасқәа рбазала иҟаҵоуп. Уажәтәи аамҭазы, амҩадуқәа рҿы лассы-лассы иҟало аиԥынгыларақәа раан амашьына аманиоврра акырӡа аанагоит. Амашьынақәа аҵәыҵәритә системалеи асалон аҿы иахәҭоу аиқәыршәагақәеи рыла еибыҭоуп. Уи зегьы апациент ианаамҭоу амедицинатә цхыраара иҭареи ахәышәтәырҭа ахь ирласны инагареи аус акыр иарманшәалоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Џьопуа.

Иара аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешбеи уи ихаҭыԥуаҩцәеи астанциа автопарк арҿыцра аус аҿы иҟарҵаз адгылареи ацхыраареи рзы  иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Уажәы ирласу амедицинатә цхыраара астанциа автопарк аҿы иҟоуп хә-машьынак. Астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа иажәақәа рыла, уи ачымазцәа рахь ацаразы еиҳа абригадақәа раԥҵара алнаршоит.          


Read 203 times - Аԥшьаша, 16 Лаҵара 2024 21:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.