АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Лаҵара.2024

Сариа Лакоба – аиашареи ахьамҵреи ачҳареи ахақәҵареи ирҿырԥшыгоу аԥҳәыс, Нестор Локоба иԥшәмаԥҳәыс, иҩыза иаша.

Аҟәа Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Сынтәа Сариа Лакоба (Џьих-оглы) – иналукааша аԥснытәи аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны Аԥсны жәлар ркоммисариатқәа Рхеилак ахантәаҩы, Аԥснытәи АССР Анагӡаратә Комитет Хада (ЦИК  СССР) ахантәаҩы Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс, иҩыза иаша диижьҭеи 120 шықәса ҵуеит.  

Сария Лакоба (лыӡӷабраан Сарие Џьих-оглы)  диит 1904 шықәсазы амал змаз аҷаруаҩ Аҳмед-Мамед Џьих-оглы иҭаацәараҿы. Сариа лынахыс аҭаацәараҿы ирызҳауан даҽа фҩык ахәыҷқәа. Аҭаацәара амал зкыз ракәны иԥхьаӡан: Баҭым аԥшаҳәаҿы аҩнқәа рызгылан, урҭ қьырала иарҭон, ирыман иара убас рхатәы чаӡырҭеи адәқьанқәеи. Сариа лан – Мелеқ Ԥаҭланӡиаԥҳа даԥсыуан, Очамчыратәын. Уи быжьҩык ахәыҷқәа ааӡара бзиаӡа рылҭеит.

Сариа илнасыԥхараны иҟаз Нестор Лакоба раԥхьаӡа акәны дылбеит Баҭым, 1920 шықәсазы дара рыҩны даннеи. Усҟан Нестор англыз аккупациатә мчрақәа дыркразы ишьҭан.  Иара ҩызас диман лара лашьеиҳаб Аки, уи иоуп иҩыза – аԥсуа арԥыс зыҩны дызҵәахуаз. Сариа усҟан жәохә шықәса ракәын илхыҵуаз. Аҭыԥҳа ԥшӡа дкахәхәа, лыбла қаруақәа ҭыԥххаауа, лыхцәы еиқәаҵәа жәпаӡа, Нестор дшынлыхәаԥшыз еиԥшҵәҟьа иаразнак дигәаԥхеит, Сариагьы лылаҿы дааит агәымшәара злаз ареволиуционер қәыԥш. Аҩыџьагьы еицыбналеит.

Азныказы Сариа лани лаби, аиҳарак лашьцәа урҭ реибагара ргәы иахәомызт, аха хәыҷы-хәыҷла ргәашыра еиқәтәон, ишнеиуазгьы Нестор иаԥсоу маҳәык иаҳасабала дрыдыркылеит. Ачара руит  1921 шықәса рзы, Аԥсны асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь.  

Сариа Нестор даниццоз ашколгьы далымгацызт. Аҵара лоуит аҩныҟа ҷыдала лара лзы Нестор ааԥхьара зиҭоз арҵаҩцәа рҟынтә. Аԥышәарақәа екстернла иаҭаны Сариа аттестат лоуеит. Сариа. Даара ирацәаны ашәҟәқәа дрыԥхьон, лҵара иазлырҳауан. Ԥсабарала илылаз ахшыҩи, агьама ҳараки, аҟыбаҩи, аҵареи аетикет адырреи анрыцла, абагәа илатәоу ахәац анхьычԥаԥырхо еиԥш ашьха-ҭыԥҳа Сариа, атәыла ахада иԥҳәыс ишлаҭәоу еиԥш, раԥхьатәи леди лакәны даақәгылеит», – ҳәа лыҩуеит Надежда Лиутахина, лессе «Сариа лыҩныҟа дхынҳәуеит» аҟны.

1921 шықәсазы Нестори Сариеи аԥа дроуит. Уи ихьӡырҵеит Рауф.

Сариа аиашазы даԥсаны аҳаҭыри апауи лықәын, уи даара аамсҭашәара злаз, агьама бзиеи адырреи  змаз ԥҳәысын. Сариеи Нестори рыԥсҭазаара иадҳәалоу ахҭысқәа зегь реиҳа ирацәаны иаҳзаанлыжьит лара лҭаца – лашьеиҵба Емды иԥҳәыс – Адиле Аббас-оглы, лышәҟы «Хашҭшьа сымам» аҟны. Лара лгәалашәарақәа рҟны Сариа даҳбоит згьама ҳаракӡоу ԥҳәызба ҟәышк лаҳасабала, иԥшӡаны аҽеилаҳәара инаркны аҩны аиҿкаашьа зеиӷьыҟам ала издыруаз лакәны.

«Лара ахьи абырлашқәеи рацәаны илыман, урҭ реиҳарак лашьцәа ҳамҭас илырҭақәоз ракәын, избанзар Нестор излаиԥхьаӡоз ала, уԥҳәыс амцхә «лырқьынцыцра» иаԥсам усын – аха, лара ахаангьы лырԥшӡага ссирқәа зегьы лхаҵаны џьара днеиуамызт, ԥхашьароуп ҳәа лыԥхьаӡон. Иаҳҳәап, зыхә ҳаракӡоу амацәаз лхалҵозар, алымҳарыҩқәа иаҳа имариқәааз алҭон. Аиҳабыра рыҳәсақәа лара илҿыԥшуан, илеиԥшны аҽеиҿкаашьа иашьҭан», – ҳәа лыҩуеит Адиле Аббас-оглы.

Сариа лассы-лассы аҳәсақәа лҭаауан, аҽырхиашьа аганахьала лабжьгарақәа раҳарц, ларгьы еснагь хра злаз абжьгарақәа рылҭон, убри аан аӡәгьы игәы нмырхакәа, илҳәоз зегьы ирхааны илҳәон. Лҭаца Адиле илабжьылгеит 1864 шықәсазы иҭыҵыз ашәҟәы «Аамысҭашәала ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа» даԥхьарц. Сариа лхаҭа лакәзар, ари ашәҟәы ианыз ҿырҳәала илҵахьан.

Иблагәы ҭбаақәа еиқәараӡа, даара иан длеиԥшын, дыҷкәына ԥшӡан. Аҷкәын ааӡаҩыз диман аԥсуа ԥхәыс Назиа Хонелиа, аԥсуа бызшәеи аԥсуа ҵасқәеи илырҵон. Сариа аҵара бзиа иҭара дашьҭан, Рауф ихәыҷтәы библиотекаҿы иҟан аурыс, афранцыз бызшәала ашәҟәқәа.

Аҭаацәа гәыкала ирзыҟаз ацхырааҩԥҳәыс Фениа дышрымазгьы, Сариа аҩнра бзиаӡаны иныҟәылгон, даара ихааны ахәы ҟалҵон, аԥсуа чысқәагьы уахь иналаҵаны, асасцәа анырҭаауаз лнапала даараӡа иԥшӡаны аишәа лырхион. «Сасцәас ирзааиуазгьы зегь реиҳа зыхьӡ нагаз, еицырдыруаз ауаа ракәын. Сариа амузыка бзиа илбон, ҟазарала дкәашон, рыҩны ирзықәгылан Сталин ҳамҭас ириҭахьаз апатефон. Авожд иҭаацәа лассы-лассы Сариа аҳамҭақәа лзыҟарҵалон: уи иԥҳәыс Светлана Аллилуева лҟынтә Сариа илоуит ҷыдала аҳәса рзы иҟаҵоу апистолет хәыҷы, Сталин ихаҭа иакәзар, Аԥсны раԥхьатәи аледи ҳамҭас автомашьына лиҭахьан, уи лара гәахәара дула илырныҟәон», - ҳәа илыҩуан Адиле Аббас-оглы.

1936 шықәсанӡа Нестори Сариеи рыԥсҭазаара зырхәашьуаз ҳәа егьыҟамызт. Аха зегь аҽаԥсахит Сталин Нестор Лакоба ианидигала Асовет еидгыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра дахагыларц. Аԥсны аԥыза ари ааԥхьара мап ацәикит, избан акәзар еиликаауан итәыла – иԥсадгьыл даҟәырҭхарц шырҭахыз, уи иаанагоз Аԥсны ақырҭуатәра нахьнатә аахыс згәы иҭаз Бериа ахақәиҭра иҭара акәын.

Декабртәи уахык зны Нестор ихала Қарҭҟа ацара игәы шҭоу аниҳәа (Бериа зыԥшрак ҟамҵакәа уаароуп ҳәа адырра ииҭеит) Аԥсны анҭыҵ дахьцалак иццалоз Сариа даҟәылхырц далагеит. Аха Нестор дцарц иӡбхьан, дузаарҳәуамызт, уажәазы иԥҳәысгьы лгара игәы иҭамызт, имашьынарныҟәцаҩ ида уаҳа аӡәы дицзар иҭахымызт.

Нестор иԥсы ҭаны Қарҭынтә аҩныҟа дзыхнымҳәит. Аԥсны ақырҭқәа раланырхара иазкыз Бериа иплан амшала Нестори иареи даара ажәақәа еимаркит. Нестор ҿыӷәӷәала мап рцәикит арҭ агәҭакы гьангьашқәа: «Сыԥсы ҭанаҵы ари ҟалашьа змам усуп!» ҳәа рыхҳәааны. Иара убри аухаҵәҟьа иԥсҭазаара дагьалҵит: Бериа иҩны уаххьафараан ашҳам ирҭан дыршьит Аԥсны Ахада. Анаҩс, данԥырҟа ашьҭахь еилкаахеит ашҳам ирҭаз ацианиттә кали шакәыз.

Нестор дшыршьыз ала аҩныҟа ашәаџь анырзааи, Сариа лгәырҩа ҳәаак амамызт. Сариа акыраамҭа лгәы иаанагон ҩызас ирзыҟаз Сталин иҟалаз ахлымӡаах азы акгьы издыруамызт ҳәа. Аха Нестор данымҩаԥыргоз амшқәа зегьы ирылагӡаны, иара дахьыгҿаз Аԥсуа драматә театр ахь зықьҩыла ауаа ааиуан, лара лнапаҿы илдыркуан адунеи акәакьқәа зегьы рҟынтә иаауаз шәкыла адышшыларатә телеграммақәа, «рҩыза» Сталин иҟынтә ажәак иадымхаргьы илмоуит, иагьылмаҳаит.

Нестор инышәаҭара ашьҭахь мызкы ааҵуанеиԥш, иара изкны ауҳәан-сҳәан хәымгақәа дәықәырҵо иалагеит, ипатреҭқәа зехьынџьарантә иқәыргон, нас аҭакрақәагьы ирылагеит: НКВД ахь ауаа нарыԥхьон, анаҩс дара рыӡбахә ҳәа уаҩы акгьы изымдырӡакәа, хабарда идырӡуан. Сариа лашьа гәакьа Маџьыҭгьы абас анихь аамышьҭахь, лԥа Рауф даашьҭылхын Москваҟа дцеит, Сталин диацәажәарц. Аха Кремль ахь анеиха зынӡаскгьы илырымҭеит. Аԥсныҟа дгьежьит лгәы каҳаӡаны, гәыӷрак лымаӡамкәа.

«Аԥсадгьыл аӷацәас» Нестор идагьы уи иуацәа гәакьацәа зегь рыларҳәеит. 1937 шықәсазтәи ҭагалн азы Аԥсны ауааԥсыра зегьы арадио ала ирышьҭуаз «жәахаҩык Лакәараа» рус аӡбара шцоз ргәы ҳыҭ-хыҭуа иазыӡырҩуан, ак рывымшәарц азы. Зус рыӡбоз рхыԥхьаӡараҿы иҟан Махиали Уасили Лакәараа, Константин Инал-иԥа, Михаил Чалмаз, Владимир Ладариа уҳәа егьырҭ Нестор иҩызцәеи идгылаҩцәеи. Урҭ зегьы иреихсны иршьуеит. Анаҩс иҭаркит рыҳәсақәеи рхәыҷқәеи – урҭгьы цәгьаԥсышьа рзааргеит, рыбжаҩык ршьит, егьырҭ рыԥсы ахьынӡаҭаз абахҭақәа ирҭакын.

Ари ауахҭа цәгьа даргьы шзацәымцоз еилкааны, Сариа илылшеит лхаҵа иархив аҵәахра. Адиле Аббас-оглы ишылыҩуа ала, Сариа лашьеи лареи ашаҳаҭцәа ирбо-ираҳауа агәар аҿы Троцки исалам шәыҟәқәеи егьырҭ ашәарҭара зцыз ақьаадқәеи лыблит, аха еиҳа ихадаз, хәы змаз адокументқәа акәалап иҭаҵаны, нас афольга шәпа акәыршаны аҩны имаӡоу ҭыԥк аҿы илҵәахит.

Нестор Лакоба «аԥсадгьыл аӷас» ихьӡ анрыларҳәа, Сталин иаԥыхра зыгәҭакыз ҳәа иршьоз ирышьҭашәарыцо иалагеит. Убасҟан ашәара ҟалеит, Нестор инышәынҭра ԥхасҭартәыр ауеит ҳәа. Аха изларҳәо ала, Сариа абраҟагьы агәымшәара аарԥшны, лхаҵа иаҳаҭыр ахьчара лылшеит. Аофициалтә версиа ишаҳәо ала, Лакоба ибаҩ ыҵхны иблын Аҟәа, иахьатәи Алашарбага аҳаблан.

Аха Адиле Аббас-оглы лышәҟәаҿы илгәалалыршәоит, Нестор ибаҩ рӷьычыр ҟалоит ҳәа ацәажәарақәа шаараҳаз еиԥшҵәҟьа, Сариеи, Нестор иан Шьахәснеи, Сариа лашьа Емдыи (Адиле лхаҵа) Михаиловтәи анышәынҭра ахылаԥшҩы иацәажәаны, рхала Нестор ибаҩ ыҵхны иргеит ҳәа. Адиле агәра ганы дыҟоуп, Нестор ибаҩ Лыхны иара иқыҭа гәакьан анышә иамардеит ҳәа, аха иахьыкәҵәҟьоу здыруаз Сариеи Шьахәснеи заҵәык ракәын. Сариа лашьа гәакьагьы лхаҵа ибаҩ анышә аҭара апроцесс далалмырхәит, дыргәаҟны иидырҳәар ҳәа дшәаны. Нестор иани иԥҳәыси ракәзар, ари амаӡа уаҩы изаамыртыкәа нарцәыҟа ирыцны иргеит.

Сариа дҭаркит нанҳәамза 17, 1937 шықәса рзы (иҟоу егьырҭ адыррақәа рыла, нанҳәамза 21 азы). Лыҩны дшыҟаз дыргеит, аҩны зегь аадырҳәит, Нестор «ицәгьахәыцрақәа» зыршаҳаҭшаз ашәҟәқәа рыԥшааразы.

Аҭоурыхдырҩы Станислав Лакоба ишәҟәы «Аԥсны, уи аԥызацәеи асоциалтә експеримент аҷыдарақәаки (XX ашәышықәса, 20-30-тәи ашықәсқәа)» («Абхазия, ее лидеры и некоторые особенности социального эксперимента (20-30-е гг. XX в.))» аҿы иҩуан: «1989 шықәсазы Владислав Григори-иԥа Арӡынба, Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла жәлар рдепутатс даныҟаз, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Акомитет архив аҟынӡа анаӡара иоуит, уи ихы иархәаны иара 30-тәи ашықәсқәа рзы Ефрем Ешба, Нестор Лакоба, Сариа, Рауф… ирызкыз адокументқәа жәпакы дрыхәаԥшит, иҭиҵааит. Арҭ аматериалқәа рыхкьыԥхьқәа Владислав Григори-иԥа сара исиҭеит, урҭ рыхәҭак 1990 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы иҭыжьыз сара сышәҟәы «Аԥсны аполитикатә ҭоурых аочеркқәа» («Очерки политической истории Абхазии» иалалеит».

С. Лакоба ишәҟәы аҟны ишарбоу ала, НКВД аҭыӡқәа рҟны Сариа зегь реиҳа ихлымӡаахыз агәаҟҵәаҟрақәа лхылгеит. Акарцер дҭаркуан, лашьцәа идырбаны ддыргәаҟуан, нас лашьцәагьы дыргәаҟуан лара лыла иарбаны. Сариа лашьа Мусто иажәақәа рыла, Абарҭқәа зегьы акгьы ианамыхәа, лыҷкәын Рауф дааргеит. Лыла ишабоз, рыцҳашьарак ҟамҵаӡакәа иааисуа дырԥҟон, Нестор Лакоба Сталин иганахьала ачарҳәара иуан ҳәа Сариа илдырҳәарц. Абар Адиле Аббас-оглы ари ахҭыс шаалырԥшуа:

— Сан, сеиқәырха, сбыҳәоит! — аҳәара ҟаиҵон лԥа. — Ирҭаху зегь ҳәа.

— Уҽырӷәӷәа, сыҷкәын, — аҭак ҟалҵон Сариа, — ичҳа абааԥсы... Уаб акгьы ихарамызт. Ҳара шьҭа усгьы ҳаурыжьҭуам..

«Сариа камерак аҿы илыцҭакыз М. В. Васина илгәалалыршәон:  «Хәҩык рыла ишьақәгылаз арепрессиақәа рзы абригада есыҽны Сариа даараӡа ддыргәаҟуан, аумаҵәҟьа лзаарцон (лнапқәа ҭадырҵәиуан, лыцламҳәа ԥырҵәеит, аҟамчы дыҵырхон, ақьыԥмықьла дрыԥҟон,напык иаҟараз ашәпара змаз аҟамчкьаҿ дадыргон ахаҳәтә ааҵәа дҭадыртәон, ӡылеи ҳәынаԥылеи иҭәыз акарцер аҿы дҭаркуан,ажәакала, уи лыргәаҟрақәа ҳәаак аманы иҟамызт).    

Ҩы-шықәса рыҩныҵҟа егьа ҟарҵаргьы аргәаҟҩцәа Сариа лаҵархара рылымшеит, Сариа ирҭахыз уаҳа илыздырҳәомызт... «Сара зегьы сычҳауеит, исылшоит, - ҳәа илҳәеит лара зны акамера аҿы. Акызаҵәык ауп сзыцәшәо: акарцер ахь амаҭ ҩнарҵоит ҳәа сдыршәоит... Аргәаҟҩцәа ражәа нарыгӡеит. Адырҩаҽны лара аӡы ҭҟаҭҟо изыҩназ акарцер ахь дыргеит. Сариа адунеиаҿы зегь раасҭа дзыцәшәоз урҭ аҳәаза бааԥсқәа ракәын. Сариа лыҵәаабжьқәа акамерақәа рҟны иҭакыз зегьы рлымҳа ҵырхаауан. Сариа ари лызхымгакәа лхы еилагеит, лыԥсҭазаарагьы далҵит»,  – ҳәа иануп Станислава Лакоба ишәҟәы аҿы.

Абар уи атәы шылгәалалшәо усҟан уи абахҭа акамерақәа руак аҿы иҭакыз Адиле Аббас-оглы: «Лыхшыҩ еицакит Сариа рыцҳа. Лара уажәы-уажәы дҵәыуон, нас иаалырҟьаны акыркырҳәа аччара далагон, ма дгәамҵны џьара аӡәы диқәмақаруан. Абарҭқәа рышьҭахь лҟырҟала ашьа аауан (лырԥҳақәа кыдырххьан усгьы). Ашьҭахь абахҭа ахәышәтәырҭахь днанагеит, шьала деимҳәон. Илыцышьҭаз ачымазцәа изларылшоз ала илхылаԥшуан, аҳақьым уаҩы имырбаӡакәа агәырқәа лзыҟаиҵон, мачқ иадымхаргьы лхьаақәа хызҽшаз ахәшә ҭаҭәаны. Лара уажәшьҭа дахьиаз дагьызгыломызт, аҭәеи акасыжәқәеи ирылхыз аиара дагәылаиан. Зықәра зфахьоу аԥҳәыс бырг леиԥш деизаҟәҿны дышьҭан».

1939 шықәса, лаҵарамза 16 рзы Орҭачалтәи абахҭа акамерақәа руак аҿы дышԥсра дышьҭан Сариа. Аусҭҵааҩ данааи, Нестор дыԥсахҩын ҳәа зҳәоз ақьаад лнапы аҵалыҩырц азы даҽазнык адҵа ҟаиҵарц, дахьышьҭаз дааҩаҵхахан ақьаад лшьа ахьлыршит, иагьылҳәеит аҵыхәтәантәи лымчқәа еизыркәкәаны «Шәысҭ, абар наӡаӡатәи снапынҵа!» ҳәа.

Сариеи Нестори рԥазаҵәгьы алахьынҵа цәгьа изыԥышн. Аббас-оглы ишылыҩуа ала, Рауф Лакоба ахара идҵаны, алеишәа џьбара ахьаԥыз алагер ахь дышьҭын. Шықәсқәак рышьҭахь Бериа иахь асалам шәҟәы иҩит, иԥсадгьыл ахь ахынҳәра азин ииҭарц, аҵара иҵарц, аусура далагарц шиҭаху иҩуан. Бериа иԥсахы еибакит Рауф уажәыгьы иԥсы шҭаз анидыр, адҵагьы ҟаиҵеит, алагер дыҭганы иус аӡбара иацырҵарц. Азҵаарақәа зегь раан Рауф иқәымчуан, иани иаби ԥсахыҩцәан ҳәа иазхаиҵарц, акьыԥхь аҿы, иара убас арадио ала ахара рыдҵаны дықәгыларц идыргалеит, убас ҟаиҵар иԥсы еиқәдырхоит ҳәа ажәа иҭаны. Рауф мап икит, ҳәарада. Нас иргәаҟа еиҭалагеит.

Шьоукы ишырҳәо ала, иара абахҭаҿы иԥсҭазаара далҵит, ҵыхәаԥҵәара змамыз аргәаҟрақәа руак ашьҭахь уаҳа ихдырраҿы дмааиӡакәа. Даҽа версиак ала, Рауф Лакоба ахы игәыдҵаны дшьын 1941 шықәса, ԥхынгәы 28 рзы.

Сари лыԥсҭазаара далҵит Қарҭ ақалақь, Орҭачалтәи абахҭа аҿы лаҵарамза 16, 1939 шықәса рзы.  

Аамҭакәак рышьҭахь Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла апрокурор Хада Роман Руденко  иҳәеит:  «Ари аԥҳәыс абаҟа лзыргылатәуп!».

Сариа Лакоба лгәалашәара иахьа уажәраанӡа аԥсуа жәлар ргәаҵаҿы иаанханы иҟоуп. Уи лаҳаҭыр азы рыԥҳацәа лыхьӡ хырҵоит, Аҟәа агәаҿы иҟоу асквер лыхьӡ ахуп. Уаҟа игылоуп аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа. Сариа лхаҿсахьа аарԥшуп Ф. А. Искандер ароман-епопеиа «Сандро из Чегема» аҟынтәи ажәабжь  «Пиры Валтасара» аҿы. Уи ала ԥыҭрак ашьҭахь, 1989 шықәсазы арежиссиор Иури Кар афильм ҭихит.  Афильм аҿы  Сариа лроль налыгӡеит Ингушетәи Ареспублика жәлар рартистка Тамара Иандиева.

Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер 75 шықәса ихыҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥаз аҟны Сариа илызкны абас еиԥш ажәақәа иҳәеит: «Ҳтәылаҿы зыхьӡ нагоу аҳәса зегьы инарылукааша аӡә лакәны дыԥхьаӡатәуп, Аԥсны мацара акәым, иара Урыстәылагьы. Уи аҟны аӡәгьы ԥырхага изыҟаҵом, избанзар лара илхылгаз агәаҟра хлымӡаахқәа – ҭоурыхтә фактуп. Иҭоурыхтә фактуп убасгьы лхаҵа гәыкала изыҟазаареи, уи иҵабырг амԥсахреи лыԥсҭазаара ахаҭа аиҳагьы ахә ҳаракны иахьылшьаз, лыԥсгьы ахьақәылҵаз… Сара сгәы иаанагоит Сариа абаҟа лзыргылатәуп ҳәа. Убри абаҟа агуп иахьа Аԥсны».

Ауаажәларраҿы акырынтә ихацыркын Сариа Лакоба абаҟа лзыргылара иазку ахалаԥшьгарақәа. Шьоукы ажәалагалагьы ҟарҵахьан Лакоба иҩны-амузеи аҿаԥхьа уи абаҟа дыргыларц, «Сариа лыҩныҟа дхынҳәуеит» ҳәа ахьыӡҵаны. Аха иахьа уажәраанӡагьы аус ацәажәарақәа ирхымсыцт.

Жәабранмза 25, 2022 шықәса рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы арежиссиор Мадина Аргәын  ҟабардатәи ашәҟәыҩҩ Зарина Канукова лыпиеса ала иқәлыргылаз аспектакль «Сариа» аԥхьарбара  мҩаԥысит. Сариа лроль аспектакль аҿы иналыгӡеит Амра Наҷҟьебиа.  

Аԥсны жәлар рзы Сариа Лакоба илзааигәоу ауаҩы гәыкала изыҟазаареи, агәаҟреи аџьамыӷәацәгьеи ирзеицамкыз аиашареи агәымшәареи рхаҭаразаараны, дырсимволны  дыҟоуп, усгьы даанхоит наунагӡа.  

 

 

 

 

 

 


Read 72 times - Аԥшьаша, 16 Лаҵара 2024 20:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.