АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Лаҵара.2024

Беслан Џьопуа Оксана Лут Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистрс лаҭара лыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Оксана Лут Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистрс лаҭара лыдиныҳәалеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала, ақыҭанхаҩа Аминистрра ахьӡала, иара хаҭала сара сыхьӡала, ҳаҭыр зқәу Оксана Николаи-иԥҳа, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усура аҿы аихьӡарақәеи аманшәалареи Аҳәынҭқарра Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин иқәиргылаз ахыдҵақәеи ахықәкқәеи зегьы рынагӡара алыршареи.

Ари амаҵураҭыԥ ахагылара Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аганахьала агәрагара шшәымоу, Шәара ишәылоу анапхгараҭаратә баҩхатәреи аԥышәеи арҵабыргоит. Агәра ганы сыҟоуп, Шәара шәзанааҭтә ԥышәа иабзоураны ари иҳараку, аҭакԥхықәра зцу амаҵураҭыԥ аҿы аихьӡарақәа раарԥшра шшәылшо», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы.

Беслан Џьопуа Аԥсни Урыстәылеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьоу ҷыдала иазгәеиҭеит. Урыстәылатәи Афедерациа адгыларала Аԥсны инагӡахеит аҵиааӡара, аԥсыӡкра, ақыҭанхаҩатә аалыҵ аусдулара, уҳәа егьырҭ аусхкытә хырхарҭақәа рыла ақыҭанхаҩатә проектқәа рынагӡарагьы азԥхьагәазҭо ареспублика асоциал-економикатә ҿиара адгылара аҭара иазку Акомплекстәи Аинвестициатәи апланқәа.

«Агәра ганы сыҟоуп аринахысгьы ҳхылаԥшырҭақәа рыбжьара хра злоу аусеицура шацҵахо», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр

Беслан Џьопуа урыстәылатәи иколлега анаҩстәи лусура аҿы аманшәалара, агәабзиара, аизҳазыӷьара лзеиӷьаишьеит. 

 


Read 107 times - Аԥшьаша, 16 Лаҵара 2024 02:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.