АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Лаҵара.2024

Аслан Бжьаниа амш бааԥс иахҟьаны аԥхасҭа зауыз Очамчыра араион ақыҭақәа дырҭааит.

Аҟәа. Лаҵарамза 13,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 13 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақәыршҩы бааԥс иахҟьаны аԥхасҭа зауыз Очамчыра араион Кындыӷ, Џьгьарда, Кәтол ақыҭақәа дырҭааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа Ахада адырра ииҭеит иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа рзы: аҩнқәа аӡы рыҩналеит, анышәынҭрақәа аӡы рықәлеит, ақыҭамҩақәа ҵнаӡәӡәааит, ацҳақәа агеит, аҭыԥантәи ауаа реимадара еиԥырҟьоуп. Џьара-џьара машьынала аныҟәара уадаҩуп.

Џьгьарда ақыҭа Администрациа ахада Адамыр Амҷба Ахада адырра ииҭеит ақыҭаҟны аа-ҩнык аӡы шыҩналаз, ацҳа аӡы иахьагаз азы быжь-нхарҭа ҩны рышҟа уназго амҩа аркуп. 

Заа иҟаҵоу алкаатә рбагақәа рыла аԥхасҭа зауыз анхамҩақәа 35-40 рҟынӡа ыҟоуп. Араионтә Амцарцәара-аиқәырхаратә хәҭа аиқәырхаҩцәа оперативла ақәыршҩы ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа мҩаԥыргоит, ақыҭақәа рыбжьара автомашьынатә еимадара аиҭашьақәдыргылара иаҿуп.

Аслан Бжьаниа Шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба инапы ианиҵеит аҳәынҭеилахәыра «Аԥсныҿықәхьчара» атехника зегьы Џьгьардеи Кәтоли ақыҭақәа рышҟа аиагара. «Атехника ахәҭак аусура иаҿуп аҭыԥ аҟны, ацҳақәа рыҟны ақәыршҩы ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа мҩаԥысуеит», - иазгәеиҭеит Ҭемыр  Агрба.

Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит аԥхасҭа амҽхак ахәшьара аҭаразы изыхәҭоу аинформациа аизгаразы, иҳәеит арыцҳара иақәшәаз ақыҭақәа ацхыраара шриҭо.  

Аҳәынҭқарра Ахада иныҟәараан ицын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ      Зураб Қаџьаиа, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Ашәба, Шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.

 


Read 117 times - Аҩаша, 14 Лаҵара 2024 09:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.