АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Лаҵара.2024

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Мариа Ломакина Аиааира Амш лыдырныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә Хьчара Амаҵзура аусзуҩцәа 96-шықәса зхыҵуа Мариа Ломакина Аиааира Амш лыдырныҳәалеит.

Аҳәынҭқарратә Хьчара Амаҵзура анапхгаҩы, аинрал-маиор Дмитри Дбар ихьӡала иҟаҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:  

«Ҳаҭыр зқәу Мариа Филипп-иԥҳа! Ишәыдышәкыл Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 79-шықәса ахыҵра инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара.  

Аиааира Амш – ари аибашьра агәалашәара адагьы, агәыӷра, аҭынчра, акзаара, Аԥсадгьыл ахь абзиабара иасимволны иҟоу мшуп.

Ари аныҳәамш аҽны Шәара аԥхьа шәнаргыланы, аветеранцәа зегьы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа раҳҳәоит афашизм аиааира аҿы ирылдыршаз зегьы азы. Шәара иаашәырԥшыз афырхаҵара, агәаӷьра, ахацәнымырхара, еиҵагыло абиԥарақәа зегьы рзы иҿырԥшыганы иҟалоит.  

Шәара аҭынчра зыԥсы ҭоу символны шәыҟоуп. Миллионҩыла ауаа рыԥсҭазаара аиқәырхареи рхақәиҭреи зхы ақәызҵаз ргәалашәара наунагӡоуп».

Дмитри Дбар аветеран агәабзиара, агәамч, ашықәснҵыра ду лзеиӷьаишьеит.

Мариа Филипп-иԥҳа Ломакина Аҳәынҭқарратә Хьчара Амаҵзура анапхгараҭара есышықәса ари акыр зҵазкуа аныҳәамш аҽны лганахьала иаадырԥшуа агәцаракра азы иҭабуп лҳәеит. Лара гәахәарыла илыдылкылеит илзааргаз ашәҭқәеи агәалашәаратә ҳамҭақәеи, иара убас лысасцәа «афронттә 100 грамм» рыдылгалеит.  Прочитано 159 раз. Последнее изменение 08.05.2024.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/11213-veterana-velikoj-otechestvennoj-vojny-mariyu-lomakinu-pozdravili-s-dnem-pobedy.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 183 times - Аԥшьаша, 09 Лаҵара 2024 10:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.