АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Лаҵара.2024

Амилициа аусзуҩцәа изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иазку 27 аппарат рыԥшааит.

Аҟәа.  Лаҵарамза 2, 2024. Аԥсныпресс.  Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рыҟәша аусзуҩцәеи Аҳәынҭстандарт ахаҭарнакцәеи еицхырааны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатә иабзоураны Гәдоуҭа араион Хыԥсҭа ақыҭан абнара иахьаҵанакуа ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку амаининг-ферма.  Ззеиԥш мчхара 55 кВт/с. рҟынӡа инаӡоз 22 цыра аппарат Аԥсны аамҭала инхо Урыстәыла атәлауаҩ  Борисенко Владислав Павел-иԥа ишитәу еилкаахеит.  Аиқәыршәагақәа зегьы аконфискациа мҩаԥгоуп, Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.

Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан ирымхын  амаининг-аппаратқәа хәба.  Аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит Араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа. Аишьцәа Езыгәбаа рымҩала игылоу ахатәыҩны аҿы изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иазку аусура наигӡон Кардаа Алхас Валери-иԥа.  Уи идырбалаз аиқәыршәагақәа зегьы имхуп, Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭахь инагоуп.


Read 366 times - Ахәаша, 03 Лаҵара 2024 12:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.