АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Мшаҧы.2024

Ҩыџьа Лыхны ақыҭауаа ақәыларазы ахара рыдҵоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа Бамбора ақыҭан иҟалаз ацәгьоура аадыртит. Иаанкылоуп Лыхны инхо ҩыџьа ахацәа – 1978 шықәса рзы ииз Лакоба Вадим Алик-иԥа, 2004 шықәса рзы ииз Хьециа Ҭемыр Алхас-иԥа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Вадим Лакобеи Ҭемыр Хьециеи  уаанӡа еицәажәаны иқәылеит, ахаҵа 50 000 мааҭ имхны иргеит, иагьыбналеит. Аусбарҭа иаанацҳауеит руаӡәк аҳәызба иман ҳәа.

Ааха зауз дара зусҭцәоу идырит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 159, ахәҭа  3 инақәыршәаны ихацырку ашьаусеилыгара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә гәыԥ. Заатәи аусеилыргара аамҭа азы аӡбарҭа азыӡба инақәыршәаны, ацәгьоуразы игәҩароу аҩыџьагьы Ҭемыр Хьециеи Вадим Лакобеи ырбаандаҩуп.


Read 94 times - Ахаша, 01 Лаҵара 2024 18:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.