Возвращение имени

05-декабря-2022

ИГОРЬ АДЛЕИБА ԤХЫНҶКӘЫНТӘИ АТУРНИР RCC BOXING PROMOTIONS АҾЫ АРЕИТИНГ ШЬАҚӘЗЫРӶӘӶӘО АИНДАҬЛАРА МҨАԤИГАРАНЫ ДЫҞОУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза   11 рзы Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп абокс Ахәылԥаз ду  RCC Boxing Promotions, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир ихадоу ахәҭа аҿы аа-раундк рыла ишьақәгылоу аиндаҭлара мҩаԥигоит аԥснытәи абоксиор Игорь Адлейба (13-0-2), уи диацлабуеит Максим Черничук (4-0).

Уажәы Игорь Адлеиба аиндаҭлара иҽазыҟаиҵоит, Екатеринбург ақалақь аҿы иҟоу аолимпиатә резерв ашкол аҿы аҵара-ҽазыҟаҵаратә еизгарақәа дырхысуеит.

Игорь Адлеиба абокс аҿы раԥхьаӡа аиндаҭлара мҩаԥигеит 2017 шықәсазы, уи ашьҭахь ҩы-шықәса ааҵуаны еиԥш, уи аҿар рыбжьара адунеи ачемпионат WBO аиааира агара илиршеит, кикбоксинг азы адунеи Ахраҿа ианашьоуп.  Уи апрофессионалтә ринг аҿы 15-нтә аиндаҭларақәа мҩаԥигахьеит, 13-нтә аиааира игахьеит,  2-тә аиндаҭларақәа еиҭахарала ихыркәшахеит.

Максим Черничук ԥшьынтә аиндаҭларақәа мбаԥигахьеит, зегьы рҿы аиааирақәа ргара илиршеит.


Прочитано 1340 раз Последнее изменение 05.12.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.