06-апреля-2023

МШАԤЫМЗА 6 РЗЫ – ИИРА АМШ АЗГӘЕИҬОИТ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 60-шықәса ихыҵра аиубилеитә рыцхә азгәеиҭоит Аҳәынҭқарра Ахада аҳәынҭқарра аофициалла ахаҭарнакра наигӡоит жәларбжьаратәи аусқәа рҿы. Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҭыԥ аҿы иҟазаара хы-шықәса ирылагӡаны еиуеиԥшым атәылақәа рхадацәеи, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рнапхгаҩцәеи акырынтә дырԥылахьеит.   

 

Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа диит мшаԥымза 6, 1963 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан арҵаҩцәа рҭаацәараҿы.  

1980 шықәсазы далгеит Тамшьтәи абжьаратәи ашкол. Иара убри ашықәсан дҭалеит Фрунзе ақалақь иҟоу аполитехникатә Институт «анџьныр-ргылаҩ» изанааҭ ала.

 

1982 шықәсазы дыиасит, 1985 шықәсазы дагьалгеит Москватәи автомашьына-мҩатә Институт.  

1985 – 1986 шш. аихшарала аус иуан Смоленсктәи аобласт Угрансктәи абнааглыхранхамҩа шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа аҿы.

1987 – 1989 шш. аинструкторс, Очамчыра араион акомсомол араиком аҟәша аиҳабыс аус иуан.  

1991 шықәсазы далгеит Асовет Еидгыла Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Акомитет Иреиҳаӡоу акурсқәа.

1991 -1992 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Акомитет аҿы аус иуан.  

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аан Гәдоуҭа ақалақь аҿы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рҿы амаҵзура дахысуан.

Ԥхынҷкәынмза, 1999 шықәазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҟынтәи ԥхьатәара дрышьҭуеит.  

1999 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аҟны иҟоу жәлар рынхамҩа Академиа  далгеит.

Ԥхынҷкәынмза, 1999 шықәса  инаркны ԥхынҷкәынмза 2008 шықәса аҟынӡа  Урыстәылатәи Афедерациа аҿы аусдкыларатә усура инапы алакын.  

Ажьырныҳәамза, 2009 шықәса рзы Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аекономикатә зҵаарақәа рзы абжьгаҩыс дҟаҵан.  

Жәабранмза, 2010 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада Багаԥшь С.У. Иусԥҟа ала Аԥсны Аҳәынҭқарратә  Шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩыс дҟаҵан.

Лаҵарамза, 2014 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Алеқсандр Анқәаб Иусԥҟа ала «аинрал-маиор» ҳәа  ахьӡ ианашьахеит.

Рашәарамза, 2014 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иусԥҟа ала Шәача ақалақь аҿы аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи раан ашәарҭадара аиқәыршәара аҿы ацхыраара азы Аиҩызара аорден ианашьахеит.

Нанҳәамза, 2014 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада  изаамҭанытәиим иалхрақәа рҿы акандидатс дықәгылан. Усҟан иара иоуит 35% алхыҩцәа рыбжьы.

Мшаԥымза, 2015 шықәса  раахыс асоциал-економикатәии аполитикатәии аҭҵаарақәа Рфонд «АԤРА» апрезидентс дыҟоуп.

Ԥхынгәымза, 2015 шықәса инаркны – Аԥсны аопозициатә мчрақәа Рыблок ацхантәаҩыс дыҟан.  

Хәажәкырамза, 2017 шықәса рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент VI ааԥхьара (2017-2022) адепутатс далхын.  

Хәажәкырамза 22, 2020 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахадас далхын. Усҟан рыбжьы ирҭеит  56,5 %. алхыҩцәа.

 

Мшаԥымза 23, 2020 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҭыԥ дахагылеит.  

Дцәацәароуп, ҩыџьа ахшаара драбуп.


Прочитано 643 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.