Версия для печати
06-марта-2023

АЦӘЫРГАҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҞНЫ ИААТУЕИТ АЦӘЫРГАҚӘҴА "АԤҲӘЫСИ АҞАЗАРЕИ. АҬОУРЫХИ ИАХЬАТӘИ ААМҬЕИ».

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 7, асааҭ 17:00 рзы ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны иаатуеит Аԥсны аҳәса-асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа «Аԥҳәыси аҟазареи. Аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи». Ацәыргақәҵа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш-Хәажәкыра  8 иазхоит.

Ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахоит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иаԥҵаз аҿыханҵақәа, аграфика, адекоратив-напкымҭатә ҟазара, уҳәа аекспозициақәа маҷымкәа.

Ацәыргақәҵаҿы аҭааҩцәа ахәаԥшразы ирыдгалахоит Марина Ешба, Варвара Бубнова, Ольга Брендель, Валентина Хәырхәмал, Зоиа Аџьынџьал, Венера Гагәылиа, Лиудмила Будиак, Мактина Ҵәыџьба,  Диана Хьынҭәба, Аԥшьи Ҳагба,  Асҭанда Адлеиба, Мариа Ԥлиа, уҳәа убас егьырҭгьы русумҭақәа.  

Ацәыргақәҵа еиҿкаахеит «Москва Аҩны» ала. Убри аан афинанстә цхырааара ҟанаҵеит Москва ақалақь Ахадареи Москва ақалақьи аџьынџьуаа рзы Москватәи Аҩни адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа рзы Адепартаменти.

Ацәыргақәҵа аус аулоит хәажәкырамза 16 аҟынӡа.  


Прочитано 1137 раз