23-февраля-2023

ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБА СТАНИСЛАВ ЛАКОБА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Станислав Лакоба ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟы аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Станислав Зосим-иԥа!

Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш, акрызҵазкуа 70 шықәса шәхыҵра арыцхә!

Шәара – атәылауаҩратә позициа змоу, апатриот иаша, зус ламысла иазыҟоу, аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара зылшо ауаҩы, ҳтәылаҟны ҳаҭыр змоу аполитикцәа шәыруаӡәкуп,     иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩык иаҳасабала зегьы шәырдыруеит. 

Шәара ишәҟазшьоу ахара ахәыцра, апрофессионализм, ауаажәларратәи аполитикатәи усураҟны ахаангьы ахықәкынагӡара иашьҭоу аӡә иаҳасабала аҳаҭыр шәаԥсаны шәҟалеит Аԥснеиԥш, уи анҭыҵгьы.

Шәара, зыԥсҭазаара зегьы аҭоурыхтә ҭҵаарадырра иазызкыз, егьырҭ, ҳтәыла аҭоурыхтәи аԥсабаратәи ҭынха аҭҵаара знапы алаку аҭҵааҩцәа реиԥш, акымкәа аспециалистцәа рабиԥарақәа азыҟаҵо, шәԥышәеи шәдырреи рымажәдоит астудентцәа. Иахьагьы ааԥсарада аџьа жәбоит аҭҵаарадырреи аҵараиуреи русхк аҟны. Аҭҵаарадырратә уаажәларра аҩныҵҟа Шәара шәаԥсаны ахьӡ-аԥшагьы, азхаҵарагьы шәоуит аҭоурых иазку аҭҵаарадырратә усумҭақәеи арҵагатә цхыраагӡақәеи ирыбзоураны. Шәара шәлитература-поезиатә рҿиара ианыԥшуеит Аԥсадгьыл абзиабара, уи Аԥсни аԥсуа жәлари згәы рзыбылуа ауаа рганахьала азҿлымҳара дугьы амоуп.

Иапониа аҭҵаарадырратә усуреи Токио, Британиа ду ауниверситетқәа рыҟны алекциақәа рыԥхьареи, жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәеи аиԥыларақәеи рылахәхара реиԥш иҟоу, ганрацәала еибарку шәусура иаҳҿагылаз атәылақәа рганахьала Аԥсны акәша-мыкәша ишьақәыргылаз аполитикатә ҳәаақәа риааира иацхраауан.

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи арӷәӷәареи рус аҟны Аԥсны Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент I ааԥхьара адепутат иаҳасабалагьы, Аԥны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ иаҳасабалагьы Шәара шәлагаламҭа.

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит агәабзиара, агәамч, ахирра – Шәаргьы ишәзааигәоу ауаагьы.


Прочитано 969 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.