Версия для печати
03-февраля-2023

АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА АҚЫҬА ХЬАЦҲА ИҞОУ АХАТӘЫ ҨНЫ АҞНЫ ИԤШААНЫ ИРЫМЫРХИТ АКЦИЗТӘ ДЫРГАҚӘА ЗМАМЫЗ АҬАҬЫН ААЛЫҴ.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәеи аҳазылхратә усбарҭа   «Гал» аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәеи, ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәсазы Гал араион Хьацҳа ақыҭан уаҩ дызхым аҩны аҿы агәаҭара анымҩаԥыргоз ирыԥшааит 36900 цыра рҟынӡа инаӡоз акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ.

Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы аусеилыргаразы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә  усеилыргарақәа рыҟәша ахь инашьҭуп.


Прочитано 770 раз Последнее изменение 04.02.2023