Версия для печати
26-января-2023

АЛХАС КӘЫҴНИА УРЫСТӘЫЛА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ИХАҬЫԤУАҨ АГӘРАГАГАТӘ ШӘҞӘҚӘА ИИҬЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмч нагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.

Михаил Галузин Алхас Кәыҵниа инапынҵақәа рынагӡара дахьалагаз идиныҳәалеит, иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.

Михаил Галузини Алхас Кәыҵниеи русеицура арҭбааразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.

 

 


Прочитано 839 раз