26-января-2023

АԤЫЗА-МИНИСТР АКТӘИ ИХАҬЫԤУАҨ АҾАРИ АСПОРТИ РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АКОЛЛЕКТИВ ДЫДИРДЫРИТ АНАПХГАҨЫ ҾЫЦ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 25 рзы аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив дыдирдырит анапхгаҩы ҿыц Тарас Ҳагба.  

Ажьырныҳәамза 23, 2023 шықәазы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Тарас Ҳагба Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩыс иҟаҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.  

Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит аспорт азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба.

«Шәара зегьы шьахәлаҵәҟьа дышәдыруеит Тарас Ҳагба. Ари ауаҩ есымшагьы аспорт аҿы дыҟан. 32 шықәса мацара шихыҵуагьы уи аԥышәа дууи аихьӡара заманақәеи змоу спортсменуп,  аамҭак иалагӡаны иара Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа напхгара аиҭон. Уи инапхгарала, насгьы шәара шәыцхыраарала ашьапылампыл аҿиара аганахьала иҟаҵаз даара ирацәан. Даҽазныкгьы Тарас Мирон-иԥа ишәыдысныҳәалар сҭахуп амаҵура ҿыц аҿы шәыҟаҵара, иара убас иҭабуп ҳәа иасшәоит аҳәынҭқарратә Еилакы ԥыхьатәи анапхгаҩы. Шәара шәыхшыҩи шәылшарақәеи еилаҵаны ишәылшәыршаз акыр ирацәоуп, уи даара ахә ҳаракны иаҳшьоит.  Агәыӷра сымоуп аколлектив ацхыраара шшәырҭо, ақәҿиара дуқәагьы шәзеиӷьасшьоит», –  ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ.

Беслан Џьопуа Тарас Ҳагба  иҿыцу амаҵураҭыԥ аҿы ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.

Аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив ахьӡала анапхгаҩы ҿыц дидныҳәалеит ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуба.

Тарас Ҳагба атәыла анапхгара ирҭаз агәрагара азы иҭабуп иҳәеит.

 

 


Прочитано 746 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.