26-января-2023

ОЧАМЧЫРА АРАИОН АБИУЏЬЕТ АХАШӘАЛАХӘЫТӘ ХӘҬА 131% РЫЛА ИНАГӠОУП.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәстә  план ала 133 млн мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу  Очамчыра араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 172 млн 614 нызықь мааҭ рыла инагӡоуп, уи  131% рҟынӡа инаӡоит.  Аныхтә хәҭа нагӡоуп 97% рыла. Абри азы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа аҿы ажьырныҳәамза 26 рзы, аԥшьаша анагӡаратә мчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥысыз аилатәара аҿы 2022 шықәсазы инагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит Ҭҟәарчал араион ахада Беслан Бигәаа.

Араион ауааԥсыра рхыԥхьаӡара –  25 908 – ҩык рҟынӡа инаӡоит.  Урҭ рахьынтә 5 244-ҩык – ақалақьтә уааԥсыроуп - 20 644-ҩык – ақыҭауаа роуп.

Економикала активра злоу ауааԥсыра, даҽакала иуҳәозар аус зуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара - 2 412-ҩык.  Араион аҿы ауалафахәы абжьаратә ҩаӡара  – 13 543 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Очамчыра араион аҿы 8 634-ҩык атәанчаҩцәа ыҟоуп.  

3 065-ҩык аԥсуа тәанчахәи урыстәылатәи атәанчахәи роуеит, 5 569-ҩык – аԥсуа тәанчахәы мацара уп ироуа.  

Аҵыхәтәантәи ҩы-шықәса рыла 10 категориак ирыҵанакуа атәанчаҩцәа рзы аԥсуа тәанчахәы иацҵахеит; ацҵа 3 млн 731 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит 2021 шықәса рзы.

2022 шықәса рзы – 4 млн 225 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

2021 шықәсазы аусура иалагеит асанатор-курорттә обиект «Золотое руно».

Уажәы зыргылара мҩаԥысуа асасааирҭа «Черноморская жемчужина» 16 еихагылакны иҟоу обиектуп. Уи аусура иалагароуп ҳазҭоу ашықәс, лаҵарамзазы. Иахьазы иарбоу аобиект ахь иалагалоу аинвестициақәа 300 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ахыркәшаразы уи  350 млн мааҭ рҟынӡа инаӡароуп.  

Даҽа 10 обиект рыргыларазы адгьылқәа рзоужьуп.  

Очамчыра ақалақь аҿы амшынтә баӷәаза иахьаҵанакуа иргылоуп аргыларатә еилаԥсақәа рҭыжьра азы азауад. Азауад аҭыжьратә мчхара – шықәсык ахь 1800 тонн рҟынӡа инаӡоит. Уажәы уаҟа аус руеит 15-ҩык аусзуҩцәа. Аԥхьаҟа аҭыжьратә лшара  6000 тонн рҟынӡа ашьҭыхреи аусзуҩцәа рхыԥхьаӡарагьы  25-ҩык рҟынӡа ацҵареи азԥхьагәаҭоуп.

Ашәҟәҭагалара астадиа аҿы иҟоуп амшынеиқәатә мидиақәеи аокеанҭынчтәи амыдаӷьқәеи Очамчыра араион амшын Еиқәа аӡымҽхак аҿы раарыхра азы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Тамшь Бион».

Иара убас Аӡҩыбжьа ақыҭан агрокомплекс – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Золотой берег» амидиақәеи амыдаӷьқәеи, иара убас  аӡымшьатә еиԥш амшынтә креветкақәеи рааӡара азԥхьагәаҭаны иамоуп.

2020 – 2022 шш. Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Очамчыра араион аҿы инарыгӡеит ауснагӡатәқәа быжьба. Уи ахарџьынҵа аицҵалыҵ  328 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – ареспубликатә трасса «Аҟәа-Очамчыра» арлашара, Мықә ақыҭан аӡеизакырҭатә шьақәгылага аргылара,  ақалақь аҿы 100-ҩык рҭыԥ змоу ахәыҷбаҳча аргылара, амҩадуқәа акаҭран рықәҵара, иара убас звольҳараку афымцамҩангага «Аҽгәара–220» аиҭашьақәыргылара, уҳәа убас иҵегьы.  

Аихшаратә каҭақәа шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылара мҩаԥган. Уи ахарџь  9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Звольҳараку афымцамҩангага «Аҽгәара» аиҭашьақәыргылара азы иахәҭоу амаҭәахәи аиқәыршәагақәеи аахәан. Уи ахарџь 108 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Ареспубликатә трасса арлашара актәи аетап хыркәшахеит, уи иақәхарџьхеит 76 млн. мааҭ

80 % рҟынӡа инагӡоуп Мықә ақыҭан аӡеизакырҭатә шьақәгылага аргылара иадҳәалору аусурақәа.  Аинвестициатә Программа ала иарбоу ахықәкқәа рзы иазоужьхоит 53 млн 860 нызықь мааҭ.  

 


Прочитано 1109 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.