Версия для печати
24-января-2023

ГӘДОУҬА АҚАЛАҚЬ АХАҾРА АРҼЕИРА ИАЗКУ АУСУРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь ахаҿра арҽеира иазку аусурақәа мҩаԥысуеит, ҳәа Феисбук аҿы иамоу адаҟьа аҟны адырра ҟанаҵоит араион Ахадара.

Апаркқәа иахьаҵанакуа имаҷымкәа аусурақәа нагӡоуп: афонтан шьықәыргылоуп, иҿыцу ашьаҟамҩақәа ҟаҵоуп.

1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рбаҟа акәша-мыкәша ишьҭаз ахаҳәцәы аҿыц ала иԥсахуп.   

Афырхацәа р-Проспект аҿгьы – Ӡиӡариа имҩа аихысырҭа инаркны Марганиа имҩанӡа, уаанӡа ишьҭаз ахаҳәцәы аҿыц ала иԥсахуп.

Ӡиӡариа имҩаҿы амшын аԥшаҳәахьы уназго амардуан еиҭашьақәыргылоуп.

Ақалақь ахаҿра аԥсахра иазкны ихацыркыз аусурақәа мҩаԥысуеит аҭыԥантәи абиуџьеҭ ахарџь ала.


Прочитано 1743 раз