20-декабря-2022

ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 21 ИНАРКНЫ АФЫМЦАМЧ АЛА АИҚӘЫРШӘАРА АГАНАХЬАЛА ИАЛАГАЛАЗ АԤКРАҚӘА АԤЫХХОИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса, асааҭ 00:00 инаркны Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иаашьҭхо афымцамч звольҳараку ацәаҳәа «Ԥсоу - 220 кВ», иара убас Звольтҳараку ацәаҳәа ала «Гиачрыпш - 110 кВ» рыла аиқәыршәара аганахьала иалагалаз аԥкрақәа аԥыххоит.

Убри аан, Звольҳараку ацәаҳәа «Шешелети – 1», иара убас Звольҳраку ацәаҳәа  «Шешелети – 2» рҿы Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы иҟоу аӡы аҩаӡара иахәҭоу аҟынӡа ихалаанӡа аԥкрақәа шыҟац иаанхоит.

Афымцацәаҳәақәа имыцху рықәыӷәӷәара иахҟьаны ҭыԥқәак рҿы аиԥҟьарақәа ҟалар алшоит.

Абри азы адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцымч» апресс-маҵзура.


Прочитано 819 раз Последнее изменение 22.12.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.