Версия для печати
20-декабря-2022

САНДРО КИУТ МРАГЫЛАРАТӘИ НАПЫШЬАШӘАЛАТӘИ АИНДАҬЛАРАТӘ ҞАЗАРА АЗЫ ИААРТУ УРЫСТӘЫЛАЗЕГЬТӘИ АФЕСТИВАЛЬ АҾЫ АКТӘИ АҬЫԤ ААНИКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Мрагыларатәи напышьашәалатәи аиндаҭларатә ҟазара азы Иаарту Урыстәылазегьтәи афестиваль ԥхынҷкәынмза 17 рзы Ноиабрьск ақалақь аҿы имҩаԥысит.    Уи рхы аладырхәит Иугра, Иамал, Башкортосҭан, Аԥсны, Киргизиа,  Краснодар рҟынтәи акомандақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилкы.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны, аспортсменцәа еиндаҭлон косики карате, кикбоксинг, џьиу-џьитсу, грепплинги еилоу аиндаҭларақәеи рҿы.  

Косики карате азы аицлабрақәа рҿы атурнир ихы алаирхәит Аԥсны косики карате Афедерациа аспортсмен Сандро Киут. Уи атурнир аихшьаалақәа рыла, зыкапантә категориа 43 кьыла рҟынӡа инаӡо, 12-13 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит.   

Аспортсмен дазыҟаиҵоит Аԥсны косики карате сериндзириу Афедерациа апрезидент,  Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Демис Адлеиба. Аспортсменцәа аицлабрақәа рышьҭра алыршахеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки афедерациа аҭаацәаратә комитети рыцхыраарала.  

 

 


Прочитано 757 раз Последнее изменение 20.12.2022