16-декабря-2022

АХӘЫҶҚӘА РЗЫ АКОНСТИТУЦИА ҬЫЖЬУП АԤСНЫ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҭрыжьит   2000 екземплиар рҟынӡа инаӡо ахәыҷқәа рзы Аконституциа. Аҳәынҭқарра Азакәан хада ахәыҷқәа ирзыманшәалоу абызшәа ала иҩуп, иԥшӡаны иҭыху аиллиустрациақәа ацуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрра.

Ахәыҷқәа рзы Аконституциа аҭыжьра аидеиа Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Лиудмила Хоџьашвили лоуп изызцәырҵыз.

«Еиҵагыло абиԥара Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иану заҟа ибзианы ирдырло, заҟа ибзианы ирымоу азинқәа рхархәара иақәшәо акыр иадҳәалоуп уаҵәтәи ҳҳәынҭқарра аԥеиԥш, ажәлар рҵарадырра аҩаӡара, зегьы иааизакны реизҳазыӷьара. Ахәыҷы иԥсадгьыли иҭаацәеи рахь абзиабара анаҩс Аконституциа ихадоу адырррақәа ирҵазар, усҟан ахшыҩ бзиеи аперспективеи  змоу, иарбанызаалак атәылауаҩратә институтқәа рҿы ҳтәыла ишахәҭоу ала ахаҭарнакра зылшо аҿар рышьақәгыларазы ашьаҭа ӷәӷәа аԥҵара ҳалшоит», -  ҳәа илҳәеит лара.

Ари аҭыжьымҭа иацу ԥшшәы хкы рацәала иҟаҵоу асахьа ԥшӡақәа ҭырхит ахәыҷтәы ҟазара Ацентри ареспублика арт-студиақәеи рааӡамҭацәа.  

«Ари Аконституциа иану асахьақәа ахәыҷқәа рнапала иҭыхуп, асахьақәа зегьы иаадырԥшуеит ахәыҷы иблала иибо шеиликаауа. Ахәыҷқәа рыла иҭыхыз асиужетқәеи ахҭысқәеи рыла ашколхәыҷқәа еилыркаар рылшоит аҳәынҭқарра заку, уи атәылауаа ирымоу азинқәеи ахақәиҭреи ртәы, ҳҳәынҭқарра Анапхгара, Апарламент, ҳаӡбарҭақәа, уҳәа русура шеиҿкаау», - ҳәа илҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩ Диана Ԥлиа.


Прочитано 1073 раз Последнее изменение 16.12.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.