Версия для печати
15-декабря-2022

«АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАҞНЫ АТӘЫМТӘЫЛАУАА РЗИНТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬАЗЫ» АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АЗАКӘАН АПРОЕКТ АИҬАКРАҚӘА АЛАГАЛАХЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы ақәҵара рыдыркылеит.  

Азакәан апроект атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи Аԥсны рыҟазаара аҭыԥ ашьақәыргылареи аҳасабыркреи рхымԥадатәра иазырхоуп, иара убас аминистрцәа Реилазаара атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи Аԥсны рыҟазаара аҭыԥ ашьақәыргылареи иахьынхо аҭыԥ ала рышәҟҭагалареи рзы азинмчы аҭареи иазырхоуп.

Иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны аусура амҩаԥгара азы атәымтәылауаҩ, мамзаргьы атәылауаҩра змам ахаҿы, иҟоу аԥҟарақәа рыла иҭоу аусуразы азин азы аршаҳаҭгақәа имазар ахәҭоуп.

Хыхь иарбоу азинҭаратә усшәҟәқәа аиуразы «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан  инақәыршәаны заиура хымԥадатәиу усшәҟәны иҟоуп аҳәаанырцәтәи атәылауаҩра змоу аамҭала Аԥсны иҟазаара аҭыԥ ала ашәҟәы иҭагалара зырҵабыргуа аусшәҟәы.   

Ирыдыркылаз аиҭакрақәа иарбоу азакәан ханарҭәаауеит.  


Прочитано 852 раз Последнее изменение 16.12.2022